ЕАШ (США) Урыстәыла аконсулра хадақәа руак адыркит

© Sputnik / Эдуард Песов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание посольства России в Вашингтоне
Здание посольства России в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАШ (США) аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнакцәа Урыстәыла аконсура хадақәа руаки ахәаахәҭратә хаҭарнакреи рхыбрақәа рахь инарыԥхьеит абырқәамқәа раартра иазырхоу амаҵзура ҷыда.

АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik. ФБР агентцәа алархәны, закәан шьаҭада Вашингтони Ниу-Иорки ахәаахәҭратә хаҭарнакрақәеи Сан-Франциско аконсулра хадеи рхыбрақәа рҟны имҩаԥгаз аԥшаарақәа рышьҭахь ахыбрақәа америкатәи аган иаҭан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Facebook аҟны иакьыԥхьит арҭ акадырқәа.

Уаанӡа Вашингтони Ниу-Иорки ахәаахәҭратә хаҭарнакрақәеи Сан-Франциско аконсулра хадеи цәыббра ҩба рҟынӡа иарктәуп ҳәа иқәгылеит ЕАШ аҳәынҭдепартамент.

Дара ишырҳәо ала ус зыҟарҵаз Урыстәыла ЕАШ адипмиссиа рхыԥхьаӡара дыркьаҿырц ахьырыӡбаз ауп.

Вашингтон ишырҳәаз ала "аинспекциа" хацдыркит асааҭ 14.00 рзы. Урыстәылатәи адипломатцәа адҵа ҟарҵеит аԥшаарақәа рымҩаԥгара иалахәызарц азы. Америкатәи аган уи иақәшаҳаҭхеит иҳәеит Вашингтон иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Николаи Лахонин.

Асааҭ 17.00 (00.00 мск) рзы агәаҭара ԥшаара хдыркәшеит. Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рганахь ала апресса дырра аҭамызт. Акызаҵәык аҳәынҭдепартамент иҟарҵаз ззыҟаҵоу ахыбра ашәарҭадараз ауп ҳәа азгәарҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0