Иҭымыҭшәарроу атәыла: Нхыҵ Кавкази Аԥсны еимаздо амҩа дазааҭгылеит Габниа

© Sputnik Илона ХварцкияАԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа
Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа абрифинг аҟны далацәажәеит Ҟарачы-Черқьесск Владислав Арӡынба ихьӡ зхыз ашкол аартра иалахәра, иара убасгьы ажурналистцәа еиуеиԥшым рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

АҞӘА, цәыббра 6– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны иахьазы иҭымиҭшәарроуп, Нхыҵ Кавказҟа уназго амҩа аартхар, атранзит аиуан иҳәеит абрифинг аҟны  Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа.

"Амҩа аартра иалацәажәахьеит. Иҟоуп уи иадгылоу, иҟоуп иаҿагылоугьы. Иҟоуп иззеилымкаауа уи иаҳнаҭарц иалшо аекономикатә лагалақәа. Урҭ ирҳәоит амҩа 3-4 мзы ракәхоит ашықәс аҩныҵҟа ианаартхо, ус анакәхо иабаҳҭаху ҳәа", — иҳәоит Габниа.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит амҩа аартра Аԥсны асуверинитет ԥырхагак шанамҭо.

"Аҳәаа шҳәаау иаанхоит. Акгьы аҽаԥсахуам уи аганахь ала. Ҳагага ацәшәара ҳаҟәыҵыр бзиан. Нхыҵ Кавказынтәи аваххабизм Аԥсныҟа иҭалар алшоит анырҳәо сара аҭакс исҳәар сҭахуп Аԥсназы реиҳа ишәарҭаны иҟоу аекономикатә шьҭахароуп, аҿиара ахьаҳзалмыршо ауп ҳәа. Ҳара ҳауадаҩрақәа реиҳарак зыхҟьо ҳалшарақәа рмаҷроуп", — иҳәеит иара.

Габниа игәаанагарала Нхыҵ Кавказынтәи Аԥсны азеиԥш туристтә каластр иадҳәалахар алшоит. Уи атуристцәа рацәаны иаднаԥхьалоит.

"Уажәазы ирхиоуп Черқьесскнтәи Адәы ҟаԥшь ахь амҩа апроект. Уахьынтәи Аԥсныҟа амҩа аагахоит. Иаку азеиԥш туристтә кластер аԥҵатәуп. Иаԥҵатәуп ауаа здызыԥхьалаша аинфраструктура. Ауаа ҩымш-хымш Адәы ҟаԥшь аҟны рыԥсы шьаны аҽа ҳауатә ҭагылазаашьак ахьыҟоу амшын аԥшаҳәахьы ԥсшьара ҳәа илбаар рылшоит. Нас, арахьынтәи Домбаиҟа ихалар ауеит. Хаз-хазы атуристцәа радыԥхьалара аасҭа ҽеидкыларала атуристцәа радыԥхьалара алҵшәа еиӷьны иаанарԥшуеит", — ҳәа агәрагара ҟаиҵоит Ахада ихаҭыԥуаҩ.

Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа абрифинг аҟны далацәажәеит Ҟарачы-Черқьесск Владислав Арӡынба ихьӡ зхыз ашкол аартра иалахәра, иара убасгьы ажурналистцәа еиуеиԥшым рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0