Омбудсмен: "Ивантеевтәи ахысыҩ" абџьар изаазхәаз иҭаацәа роуп

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩаша, Москва амҵатәи Ивантеевка ашкол аҵаҩцәа руаӡәк акласс аҟны апневматикатә бџьар ала дхысит.

АҞӘА, цәыббра 6 сен — Sputnik. 9 акласс аҵаҩы, акласс аҟны апневматикатә бџьар ала ихысыз, абџьар изаазхәаз иҭаацәа роуп ҳәа лҳәеит ахәыҷтәы омбудсмен Ксениа Мишонова. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Аҵаҩы иҭаацәа ирдыруан иара абџьар бзиа ишибоз. Ҳамҭасгьы ирҭеит. Дара рзы имаӡамызт уи иҭахрақәа", — лҳәеит омбудсмен Ксениа Мишонова.

Апрокуратураҟынтәи иҟоу адыррақәа рыла аҩаша, аинформатика аурок аан Ивантеевкатәи ашкол 9-тәи акласс аҵаҩы аикәаӷала ирҵаҩы лхы дасит, нас акласс аҩныҵҟа апетардақәа ԥижәеит. Уигьы азмырхакәа апневматикатә шәақь ала дхысуа далагеит. Абри ахҭыс аганахь ала ашьаус хацркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0