00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Рауль Ҳаџьымбеи Иури Кокови еиԥылеит

© Наала АвидзбаВстреча Рауля Хаджимба и Юрия Кокова в КБР
Встреча Рауля Хаджимба и Юрия Кокова в КБР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 7 инаркны цәыббра 9-нӡа Рауль Ҳаџьымба Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Иури Коков иааҧхьарала визит ҳасабла Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликаҟны дыҟоуп. Абри атәы ҳзаалыцҳаит Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡыԥҳа.

АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik. Рауль Ҳаџьымба Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Иури Коков иааҧхьарала визит ҳасабла Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликаҟны дыҟоуп. Аҳәынҭқарра амши Ҟабарда-Балкариеи Урыстәылеи рыжәларқәа ракра 460 шықәса ахыҵреи разгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәуп ҳәа аалыцҳауеит атәыла Ахада ипресс-маӡаныҟәгарҭа.

"Сара ара шәбара сеигәырҕьоит. Ҳажәларқәа ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьақәырҕәҕәахеит Аҧсны ахьчаразы игылаз, аҧсуа жәлар ирыдгылаз Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаҧхарала инеиз аибашьцәа рыла. Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа аҧхьаҟагьы инагӡахароуп", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Иури Кокови иареи реиԥылараан.

Иури Коков Рауль Ҳаџьымба Ареспублика дахьаҭаази иҟаиҵо адгылареи рзы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

"Ҳажәларқәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәеи рзеиҧш ҭоурыхи ҳасаб рзуны даҽакала ҟалашьа амаӡамызт", — иазгәеиҭеит Иури Коков.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсны ахақәиҭтәразы ақәҧараан Ҟабарда-Балкариатәи хатәгәаҧхарала еибашьра иааз рроль.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Иури Кокови иазгәарҭеит жәытәнатә аахыс Аҧсни Ҟабарда-Балкариеи ирыбжьоу акультуратәи адоуҳатә еимадарақәеи, ирылацәажәеит аҧхьаҟатәи ҩ-ганктәи русеицура иадҳәалоу азҵаарақәа.

Аԥсны Ахада иусутә визит мҩаԥысуеит 2017 шықәса цәыббра 7 инаркны цәыббра 9 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0