Кәарҷиа: Аԥсны Жәлар Реизара ҭагалантәи асессиа хацнаркит

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Кварчия
Валерий Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Кәарҷиа еиҭеиҳәеит ҭагалантәи асессиа аҟны адепутатцәа аус здыруылараны иҟоу азакәанқәа.

АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа хыркәшаны ҭагалантәи асессиа хадцдыркит ашәахьа цәыббра 11 рзы.

Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Кәарҷиа Sputnik Аԥсны еиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Апарламент ахантәаҩы Валери Кәарҷиа иазгәеиҭеит ҭагалантәи асессиа иалагӡаны адепутатцәа злацәажәараны иҟоу, насгьы ирыдыркылаша азакәанқәа акыр ишырацәоу. Урт ируакуп Жәлар Реизара алахәыла Илиа Гәниа цәыббра 30 Аиааира амш ҳәа ахьӡ ашьақәыргыларазы иҟаиҵаз ажәалагала.Иахьазы цәыббра 30 Аԥсны Ахьыԥшымра амш ауп иазгәарҭо.

"Аԥсшьарахь ҳцаанӡа, Апарламент акомитетқәа руак ааԥхьара ҟанаҵеит цәыббра 30 ахьӡ аԥсахразы. Иахьа официалла иазгәаҳҭо Ахьыԥшымра Амш ауп, аха ииашаҵәҟьаны иуҳәозар уи Аиааира Амш ауп. Аха уигьы машәырны иҟамлеит, усҟан, аицәажәарақәа анцоз, аполитикатә хҭысқәа еилаԥаҭаны ианыҟаз аамҭазы, амраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа ирыдыркыломызт Аиааира Амш. Убри азы инҭкааны аӡбахә мҳәакәа иҟарҵеит", — ациҵеит Кәарҷиа.

Аха иахьа, аибашьра аветеранцәа, аинтеллигенциа ааԥхьара ҟарҵоит цәыббра 30 Аиааира Амш ҳәа ахьызҵаразы, иҳәеит уи.

Иҟоуп еиуеиԥшым авариантқәа ари амш азгәаҭаразы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауаа зыӡбахә рҳәо, урҭ рахьтә – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Амш.

Валери Кәарҷиа иҳәеит Апарламент адепутатцәа рҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа ҵҩа шрымам, ауаажәлар рыԥсҭазаара аиӷьызтәуа азакәанқәа акыр шрыдыркылаша азгәеиҭеит.


Ажәабжьқәа зегьы
0