Ақыҭанхамҩа аусзуҩцәа ахәаҷақәа аԥсабара ианаҭуа аԥхасҭа иазкны
"Гал араион иахьа аҭагылазаашьа злаҟоу ала, аԥеиԥш бзиоуп ҳәа уҳәартә иҟам. Ҭҟәарчал ахәаҷақәа рацәоуп, дара ауҭраҭых аума, ашәыр аума акгьы нрыжьӡом. Абри апроблема аԥырҟәҟәаразы ауснагӡатәқәа акыр ҳадаҳкылахьеит", — иҳәеит Ҭамаз Ҵәыџьба.
Ҭҟәарчал араион ақыҭанхамҩа аусбырҭа аиҳабы Амиран Џьынџьал иҳәеит ашьха амҵан ишмаҷу арҭ ахәаҷақәа.
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭамаз Ҵәыџьбеи, Ҭҟәарчал араион ақыҭанхамҩа аусбырҭа аиҳабы Амиран Џьынџьали рыҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир ала, асааҭ 18:00 рзы.