АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik. Иапониатәи авиаеилахәырақәа 600 авиареис инареиҳаны иааныркылар акәхеит атәыла аладатәи ахәҭаҿы аԥшатлакә "Талим" аҟазааразы, ҳәа аанацҳауеит Sputnik Беларусь, Иапониатәи АИХ рдыррақәа шьаҭаны иҟаҵаны.
Аԥсабаратә цәырҵра аладатәи апрефектура Кагосима аҟынтәи атәыла аҩада-мрагылараҟа ахы хоуп. Арегион аҟны аԥша аӷьыра секундк ала 30 метра инаӡалоит, зны-зынла 45 метра рҟынӡагьы ианынаӡо ыҟоуп..
Авиаеилахәырақәа 10 Japan Airlines, All Nippon Airways реиԥш иҟақәоу атәыла аҩныҵҟатәиқәа реиԥш аҳәаанырцәтәи ареисқәагьы ааныркылеит. Амчыбжь алагамҭазы апрефектура Кагосима уахыки-ҽнаки рыла 350 миллиметра ақәа леир алшоит ҳәа аасиноптикцәа ргәаанагара ыҟоуп.
Иара убасгьы адгьылҳәазарақәагьы аҭыԥ роур ауеит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵоит амшын ихымлаларц.
Уаанӡа "Талим" китаитәи апровинциақәа Фуцзиани Чжецзиан ирҭан. Уи иахҟьаны 200 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра рынхарҭақәа ирхыган.