АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Икоммерциатәым аилахәыра "Крепкий орешек" аиҳабы Абессалом Кәарҷиа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспубликаҿы арасаарыхра ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ҳәа иибо атәы. Аԥсны жәытәла араса аадрыхуеит иҳәоит иара аинтервиу аҟны.
"Иалаагаларц иаҳҭаху аҿыцрақәа ыҟоуп, аха ауаа рыԥсихологиа узыԥсахуам. Ишашьцылахьоу еиԥш аус руеит, иаадрыхуеит", — иҳәеит Кәарҷиа.
Иара иажәақәа рыла арасазы ахәԥса еиҳа-еиҳа илаҟәуа иалагеит.
"Аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҟны араса еиҭарҳаит иара ахә аныҳаракыз. Араса хкы ҿыцқәа цәырҵит. Урҭ хаҭабзиарала еиҳа иҳаракуп. Ара, Аԥсны ажәытә еиԥш ауп арасаарыхра шымҩаԥааго. Анхаҩгьы ак иҵаҳәатәуп, агротехника иазхьаԥштәуп. Иаҳҳәап, Ҭырқәтәылан, аҳәынҭқарра аҟынтәи азин ҷыда – алицензиа умамкәа арасаарыхра нап узалакуам. Ҳара ҳҟны усеиԥш иҟам. Уи иагьбзиоуп, иагьыбзиам. Избанзар алицензиа анурҭо иуҵарҳәоит еиӷьу аҭыԥ, еиӷьу асорт, еиҳа еиӷьны аҵәҵәырақәа шадгалатәу, ахәышәтәра аҭаху иаҭахыму. Ара ҳара ишаабалак иҟаҳҵоит, аалыҵгьы аҽакхоит", — иҳәеит Абессалом Кәарҷиа.
Иара иажәақәа рыла Аԥсны рацәак ишдумгьы адгьыл инеибанеиԥшны ибзиаӡам. Арасазы акыр ибарақьаҭуп Мрагыларатәи Аԥсны ахәҭа, иҳәеит анаплакҩы.