АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аныҳәатә нцәаимҵаныҳәара мҩаԥган Лыхнытәи ауахәамаҟны. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит ауахәама аҭааҩ.
Ажәытә Палестина, Назареҭ ақалақь аҟны инхон хаҵеи ԥҳәыси Иоакими Аннеи. Ражәра акыр инықәлаанӡа урҭ хшара дрымамызт.
Аха Анцәа иаҳаит урҭ рыматанеирақәа. Амаалықь иҿала Иоакими Аннеи ирзааицҳаит аԥҳа дшәоуеит ҳәа. Ииз аӡӷаб Мариа лыхьӡырҵеит.
Анцәа Иан лира амш азы анцәаихаҵаҩцәа ауахәамақәа ирҭаауеит. Ақьырсианцәа абри аныҳәа азгәаҭара иалагеит V ашәышықәсазы.
Аԥсны Анцәа Иан илызкны игылоуп ауахәамақәа: Лӡаа, Мықә, Лыхны.