Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Миқаа Аҟәа ахақәиҭтәра иалахәыз ирызкны: аҳҭнықьалақь ахь ҳаихон зегьы

© Sputnik Анжелика БенияЛеван Микаа
Леван Микаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа, Гәымсҭатәи афронт актәи абригада аҩбатәи абаталион аштаб аиҳабы Леуан Миқаа дазааҭгылеит Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара аҽазыҟаҵареи аҳҭнықалақь аҭарцәреи шцоз ртәы.
"Агәалашәара амҩала": Леуан Миқаа игәалашәарақәа

"Сентабртәи ажәылараан  Гәымсҭатәи афронт актәи абригада аҩбатәи абаталион убас дҵаны иаҳзықәдыргылеит – Гәымсҭа  ҵаҟатәи ацҳа ахьчара. Иуадаҩуп аҳәара Аҟәа ахақәиҭтәра иалахәыз аибашьцәа рхыԥхьаӡара. Ажәылараан аӡәгьы шьҭахҟьа даанхар иҭаҳзамызт. Аибашьцәа зегьы ԥхьаҟа ҳаихон", — иҳәеит Миқаа.

Арадио Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" захьӡу аҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника шәыдаагалоит, иара хацыркуп нанҳәа 14 2017 шықәса инаркны.

Sputnik Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәало зегьы есыҽны ишәзеиҭанаҳәалоит апроект "Агәалашәара амҩала" захьӡу аҿы. Аофициалтә шәҟәқәа, аветеранцәа ргәалашәарақәа, ашаҳаҭцәа рысалам шәҟәқәеи рымшынҵақәеи арадио аҿы шәазыӡырыҩлар ҟалоит, иара убас Sputnik Аԥсны асаит аҿы шәаԥхьар шәылшоит.


Ажәабжьқәа зегьы
0