АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Цәыббра 27 аҽны Аҟәа Араион ҿыц аҟны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Аԥсны абираҟ ду шьҭырхит. Иара аҭбаара 3 метрак иҟоуп, аура 6 метрак.
Жәлар Реизара адепутат, аибашьра аветеран Гиви Кәарҷиа Араион ҿыц аҟны инхо ауааԥсыра ирыдиныҳәалеит аныҳәамш.
"Араион иахьаҵанакуа ҳаҷкәынцәа ршьа каҭәоуп. Ирацәаҩуп аратәи аҷкәынцәа аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз. Хашҭра рықәымзааит. Рыхьӡ ҳхамшҭааит", — иҳәеит Кәарҷиа.
Абираҟ ықәыргылоуп аимадаратә еилахәыра "Аҟәафон" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны. Жә-шықәса рыҩныҵҟа аилахәыра ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи зегь рыҟны Аԥсны абираҟқәа ықәнаргылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ кәакьҭала ииашоуп. Иара аурала рҽеихыршоит ҭбаарала зҽызыԥсахуа ацәаҳәа иаҵәақәеи ацәаҳәа шкәакәақәеи, урҭ рахьынтәи ԥшьба иаҵәоуп, хԥа –шкәакәоуп. Ацәаҳәақәа хыхьынтәи аиаҵәақәа рыла иалагоит. Абираҟ хыхьтәи акәакьҭаҟны 0,38 см. ахышәа-ҵышәа змоу акәакьҭаиаша ҟаԥшь ануп. Иара агәҭа иаарту арӷьамаҿа шкәакәа арбоуп.
Амаҿа, хә-кәакьк змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба ихдыркәшоит. Абираҟ ауреи аҭбаареи реизышәара 2:1 ҳәа иҟоуп.
Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны, 1978 шықәсатәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аусура аанкыларази 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа аиҭашьақәыргыларази аӡбра анрыдыркыла ашьҭахь.
1992 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи абираҟ, аԥсуа-абаза жәлар раԥхьатәи Аконгресс амҩаԥгараан, Владислав Арӡынба абаза жәлар рхаҭарнак Олег Етлухов ииҭеит. 2013 шықәса рзы ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра раԥхьатәи атрибут Аԥсныҟа ирхынҳәын. Иахьа уи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иҵәахуп.