Вануату авулкан Манаро ҿыхеит

© flickr.com / carawahВануату. Архивное фото.
Вануату. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вануату Аԥыза-министр Шарлот Салваи адгьылбжьаха Оба аҟны инхо ауааԥсыра зегьы рынхарҭақәа ирхыҵырц азы адҵа ҟаиҵеит, авулкан Манаро аҿыхара ицәырнаго ашәарҭа иахҟьаны.

АҞӘА, цәыббра 28— Sputnik. 11 нызқьҩык рҟынӡа ауаа, жьҭаара 6 рҟынӡа рыҩнқәа ааныжьны ицароуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Radio New Zealand адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Арадиостанциа ишаҳәо ала авулкан абар-абар амца ахылҟьара иалагоит, ашәарҭара аԥшьбатәи, аҵыхәтәантәи аҩаӡара амоуп ҳәа ишьоуп. Аҭыԥантәи аметеорологцәа ишырҳәо ала аҵәыҵәыратә қәақәа леир алшоит, ацыблыхаа адгьыл иқәтәар ауеит.

Аҭыԥаҿ аус зуа Аџьар ҟаԥшь ахаҭарнак Диккенсон Теви ишиҳәаз ала уаанӡагьы иҟалақәахьан аҭагылазаашьақәа авулканқәа рҿыхара иахҟьаны ауаа рҭыԥ ианахыргоз. Адгьылбжьаха Оби ауааԥсыра аҽа дгьылбжьахак ахь ииаргоит.

Вануату Аокеанҭынчтә "Амцатә мацәаз" ҳәа изышьҭоу иахәҭакуп. Иара Аокеан ҭынч иаҿыкәыршоуп, Аҩадатәии Аладатәии Америка аԥшаҳәа инаваҵаны Алиаска аладатәи акалҭ аҟынӡа инаӡоит, уахьынтәи Иапониа, Филиппини, Индонезиа рахь илбааны Новаиа Гвинеиеи, Новаиа Зеландиеи рахь илбаауеит.

"Амцатә мацәаз" аҟноуп адунеи аҿы имҩаԥысуа адгьылҵысрақәа 90% аҭыԥ ахьрымоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0