Приднестровиатәи аҳамҭа "Аҳаҭыртә орден" ианашьоуп Рауль Ҳаџьымба

© Sputnik / Томас ТхайцукВизит президента ПМР Вадима Красносельского в Абхазию
Визит президента ПМР Вадима Красносельского в Абхазию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, цәыббра 28 рзы имҩаԥысит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельскии хаҭалатәи реиԥылара.

АҞӘА, цәыббра 29— Sputnik, Бадри Есиава. Аиԥылараан Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ианеишьеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рырӷәӷәаразы "Аҳаҭыртә орден".

Аофициалтә еиԥылараан аҩ-тәылак рхадацәа иазгәарҭеит русеицура иамоу аҵакы ӷәӷәа атәы.

"Ҳара ҳажәларқәа рҭоурых ахьеиҧшу ыҟоуп. Шәареи ҳареи имариамыз аиҭашьақәыргылара амҩа ҳанысит. Аиааиреи аҳәынҭқарра аргылареи рус рхы ақәырҵеит зықьҩыла ҳҵеицәа. Ауадаҩрақәа усҟангьы иҟан, урҭ иахьагьы ишыҟоугьы, аҳәынҭқарра аргылара ҳаҿуп.Раҧхьаӡакәны Аҧсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан 1993 шықәса ажьырныҳәамзазы. Анаҩс, 2006 шықәсазы, Аҧсны, Приднестровие, Алада Уаҧстәыла иаҧырҵеит жәларбжьаратәи аидгылара "Адемократиазы аидгылеи ажәларқәа рзинқәеи Ҳажәларқәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьа бзиақәа аҧҵоуп. Еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус еицаҳуеит. Аполитикатәи, аекономикатәи, алогикатәи ҟазшьа змоу арҭ аизыҟазаашьақәа есааира аҕәҕәахара иаҿуп. Уаҵәы шәаргьы ҳаргьы аиҩызаразы, аусеицуразы, аиҩызаразы Аиқәшаҳаҭра ҿыц ҳнапы аҵаҳаҩуеит. Ари хаҭабзиарала иҿыцу аҩаӡарахь иханагалоит ҳаизыҟазаашьақәа.Даҽазныкгьы бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит. Ҳара арҭ аизыҟазаашьақәа рырҿиара ҳалагоит, ҳара ҳаҧхьа ишыҟаз еиҧш. Ҳусеицуреи ҳаимадареи аҧхьаҟагьы аҿиара роуеит", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

© Sputnik / Томас Тхайцук Бадри ЕсиаваОфициальная встреча и неофициальный кофе: как прошел день президента ПМР в Абхазии
Официальная встреча и неофициальный кофе: как прошел день президента ПМР в Абхазии - Sputnik Аҧсны
1/5
Официальная встреча и неофициальный кофе: как прошел день президента ПМР в Абхазии
© Sputnik / Томас ТхайцукВизит президента ПМР Вадима Красносельского в Абхазию
Визит президента ПМР Вадима Красносельского в Абхазию - Sputnik Аҧсны
2/5
Визит президента ПМР Вадима Красносельского в Абхазию
© Sputnik / Томас ТхайцукВизит президента ПМР Вадима Красносельского в Абхазию
Визит президента ПМР Вадима Красносельского в Абхазию - Sputnik Аҧсны
3/5

4/5

5/5
Визит президента ПМР Вадима Красносельского в Абхазию
1/5
Официальная встреча и неофициальный кофе: как прошел день президента ПМР в Абхазии
2/5
Визит президента ПМР Вадима Красносельского в Абхазию
3/5
Визит президента ПМР Вадима Красносельского в Абхазию
4/5
Визит президента ПМР Вадима Красносельского в Абхазию
5/5
Визит президента ПМР Вадима Красносельского в Абхазию

Аԥсны Ахада иажәақәа рҭакс Вадим Красносельски иҳәеит:

"Ҳаҭыр зқәу Ахада, акыр иаҧсоу Рауль Џьумка-иҧа, раҧхьа инаргыланы, иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп Аҧсны Аҳәынҭқаррахь исышәҭаз ааҧхьаразы, шәҳәынҭқарра сахьзаааигәашәтәыз азы, шәыжәлар, шәытрадициа аилкааразы аҭагылазаашьа ахьсышәҭаз азы. Сара агәра ганы сыҟоуп шәхьыҧшымра шьаҭас ишамоу шәытрадициақәа, шәышықәсалатәи шәыжәлар рҧышәеи шәыжәлар рфырхаҵареи. Шәара ииашаны ишәҳәеит аҧсуа жәлари приднестровиатәи ажәлари ирзеиҧшны ирымоу шыҟоу. Асовет еидгыла анхыбгала анаҩс ҳара ҳхы аиқәырхара ҳалшеит. Аҧсуа жәлар ахеиқәырхара амҩа ианылеит, адунеитә политикатә хсаала иаламӡҩарц азы. Аиааира агара шәылшеит, избанзар ажәлар ршәаны, ихҽны, рықәхра алымшаӡеит. Иахьа шәара ихьыҧшым, иазхаҵоу ҳәынҭқарроуп. Ахьыҧшымреи ишәымоу азхаҵареи шәара шәшәарҭадара алнаршоит. Ҳнапы зҵаҳаҩраны иҟоу аиқәшаҳаҭра аекономикеи, акультуреи рыҟәшаҟны ҳаизыҟазаашьақәәа мҩақәнаҵоит. Ари Приднестровиеи Аҧсныи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиара иацхраауеит. Сгәы иаанагоит, урҭ есааира иҕәҕәахалоит" ҳәа.

Аиԥылара аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит.

Ажәабжьқәа зегьы
0