АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Акциа "Ԥсра зқәым аполк" Аԥсны ақалақьқәа рҟны имҩасуеит цәыббра 30 рзы, аха аамҭак алхны акәымкәа, доусы ишизыманшәалоу, ҳәа лҳәеит Лариса Ҭарԥҳа.
"Уи зыдҳәалоу ақалақьқәа дасу рхатәы программа ахьрымоу ауп", — лҳәеит лара.
Аҟәа ақалақь аҟны акциа хацыркхоит асаҭ 12.00 рзы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны, Апарламент ахыбра аҟынтәи.
Тҟәарчал ақалақь аҿы асааҭ 12.00 рзы.
Очамчыра – 11.00 рзы.
Гәдоуҭа акәзар – асааҭ 11.00 рзы.
Пицунда — 12.30 сааҭ рзы (Лӡаа).
Гагра ақалақь аҟны акциа мҩаԥгахоит жьҭаара 6 рзы, ақалақь ахақәиҭтәра амш аҽны.