АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ҽаҩраҭагалан аныҳәа Лыхны имҩаԥгахоит амҽышаҽны, жьҭаара 8, абри атәы иҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарацхьелиа.
"Араион ахадара есышықәса Лыхнашҭа имҩаԥыргоит Аҽаҩра аныҳәа. Ауснагӡатә рхы аладырхәуеит Гәдоуҭа араион акыҭақәа зегьы, дара хыԥхьаӡарала ҩажәа ыҟоуп", — азгәаиҭеит иара.
Сынтәа раԥхьаӡа акәны аныҳәахь ааԥхьара рымоуп еиуеиԥшым аҟазаратә наплакқәа, дара ақыҭақәа рынхаҩцәа реиԥш русумҭақәа ӡырыргоит.
"Ҳара ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит ари ауснагӡатә. Ирацәаҩны асасцәа ҳарзыԥшуп, ҳтәыла анапхгара аҟынтә еиԥш, аҳәаа анҭыҵнтәгьы. Иаараны иҟоуп Урыстәыла ҩажәа регион рҟынтә, дара зегьы аныҳәа иалахәхоит", — азгәеиҭеит иара.
Кәарцхьелиа иажәақәа рыла асасцәа агьама рбар рылшоит еиуеиԥшым амилаҭтә чысхкқәа, иара убас еиҿкаахоит аконцерттә программа Аԥсны ашәаҳәаҩцәеи акәашаҩцәеи алархәны.
Лыхны –Аԥсны иреиҳаӡоу ақыҭақәа иреиоуп. Араҟа ираҳҭынран аԥсуа аҳцәа, диит еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Лакоба, араҟа анышә дамадоуп Кавказ аҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа. Лыхнашҭа – аҭоурыхтә ҵакы змоу ҭыԥуп, ажәлар рлахьынҵа ахьырыӡбо, аизара дуқәа ахьымҩаԥысуа.
Ҽаҩраҭагалан аныҳәа Лыхнашҭа имҩаԥысуеит есышықәса. Ари амш аҽны аҽыбӷаҟазаҩцәа еиндаҭлоит рҟазараҿы, ашәаҳәаратә акәашаратә ансамбльқәа рхатә программала иқәгылоит. Афатә акәзар, асасцәа рыла ишабо иҟарҵоит.