Аветеран: Гагра араион аҭырцәраан ҳмаҷын, аха аиааира ҳгеит

© Foto / фотоальбом "Аиааира"Освобождение Гагрского района
Освобождение Гагрского района - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы ақәиҭтәра иалахәыз, Леон иорден занашьоу Роберт Коӷониа еиҭеиҳәеит иеибашьратә мҩа зеиԥшраз.

АҞӘА, жьҭаара 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан жьҭаара 6 рзы Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәын. 

Леон иорден занашьоу Роберт Коӷониа Sputnik еиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Ҳара ҳгылан Гагра араион Алаҳаӡы ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны, ҳ-БМП аекипаж аҟны ҳаицын Рафик Амԥар, Шамиль Аӡынба, Аслан Агәмаа, Лаврик Базба. Жьҭаара ҩба рзы адҵа ҳарҭеит Гагра ахы иақәиҭтәуп, иҭарцәтәуп ҳәа", — игәалаиршәеит аибашьра аветеран Роберт Коӷониа.

Алаҳаӡынтәи иалагеит Гагра аҭарцәразы ажәылара Роберт Коӷониа дызцыз агәыԥ.

Ветеран ОВНА Заур Бганба - Sputnik Аҧсны
Бганба Гагра араион аҭарцәра иазкны: аԥсҭазаара ҿыц ҳаузшәа ҳбеит

"Иҟоуп аҷкәынцәа хыхьынтә илыбаауаз, џьоукы алада амҩа ала инеиуан, ҳара ҳгәыԥ амшын аҟәара аганахь ала ҳцон. Ҳандәықәла даргьы ҳаргьы аи ҿахысра ҳаҿын, аха ҳаанымгылакәа ҳцон", — иҳәеит иара.

Абџьар ахыԥхьаӡара ала ақырҭқәа акыр аԥыжәара рыман, уааԥсыралагьы ҩынтә-хынтә еиҳан, азгәеиҭоит Коӷониа.

"Ҳара ҳмаҷын, аха зегь дара роуп аҷкәынцәа ргәы мшәаӡакәа БМП иавагыланы аԥсуаа ԥхьаҟа шәеиха ҳәа урысшәала ҿырҭуан. Рхы иамеигӡакәа ҳаҷкәынцәа аӷа иҿалон, уи акыр ишшәарҭазгьы", — иҳәеит уи.

Аибашьҩы иазгәеиҭеит аӷа иааирԥшыз аҿагылара иеиҳаны ишилшоз, аха аԥсуа еибашьцәа уи шидмырҟаҵаз. 

Ветеран ОВНА Геннадий Гицба - Sputnik Аҧсны
Геннади Гыцба: аибашьрагьы шьцылароуп

"Уаанӡа знык ҳхысыр зқьы арахь ихынҳәны иаауан. Уи аҽны ахәылбыҽха амҩаду ҳәа иахьашьҭоу аҿы зегь ҳаиқәшәеит егьырҭ ахырхарҭақәа рҟынтәи иаақәоз зегьы", — ациҵеит Коӷониа.

Аԥсуа еибашьцәа акыр аџьабаа баны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Гагра араион ралцара рылшеит, Ԥсоу аҳәааҿы Роберт Коӷониа дзықәтәаз БМП аҳәааҿы иқәирҵәиааит аиааира агара ахьӡала.

Гагра араион ахы ақәиҭтәраз ажәылара иалагеит жьҭаара ҩба рзы. Ари арратә аиааира раԥхьатәихеит аԥсуа ган азы Аџьынџьтәылатә еибашьра аан. Ажәылара иалагӡаны иҭахеит 117-ҩык Аԥсны аҵеицәеи, зхатә гәаԥхарала еибашьуази. 

Ажәабжьқәа зегьы
0