Имам Шамиль имҩаҟны аӡыцрыҵтә мҩангагақәа еиҭашьақәыргылоуп

© Sputnik Прокладка канализации по улице Имама Шамиля
Прокладка канализации по улице Имама Шамиля - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Имам Шамиль имҩаҟны аӡыцрыҵтә мҩангагақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥысуан цәыббра 6 инаркны.

АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Имам Шамиль имҩаҟны аӡыцрыҵқәа аусура иалагоит, иҳәеит аус назыгӡо аиҿкаара анџьныр хада Ҭемыр Кациа.

"Абри аҭыԥ аҟны ҩ-хкыкны аусурақәа мҩаԥысуеит: ақәаршыҩцарҭақәа ррыцқьареи, 1157 метра инаӡоу аӡыцрыҵтә мҩангагақәеи рыԥсахреи. Амагистраль иахьа аусура иалаҳаргоит", — иҳәеит иара.

Ақәаршҩытә ӡцарҭақәа ремонт акәзар, мчыбжьык ахы-аҵыхәала иалгоит ҳәа иҳәоит Кациа. Анџьныр иажәақәа рыла аусурақәа рымҩаԥысраан атранспорт аныҟәараз апроблемақәа ыҟан.

"Ахсаала ианымыз адгьылаҵатә канализациатә цәаҳәақәа ыҟан. Урҭ 50 шықәса инареиҳаны ирхыҵуеит. Урҭ апроблемақәа рыӡбра алҳаршеит Аҟәа ақалақь Ахадареи акапиталтә ргылара Аусбарҭеи рыцхыраарала", — иҳәеит Ҭемыр Кация.

Аканализациатә цәаҳәа ҿыц 50 шықәса рыҩныҵҟа шәарҭарак амамкәа аус аулоит иҳәеит иара.

Троллейбусный парк - Sputnik Аҧсны
Атроллеибусқәа рныҟәара хацдыркит

"Ажәытә труба 200 миллиметра аҭбаара аман, аҿыц – 400 миллиметра иҟоуп. Уи адагьы ажәытә цәаҳәа ахынаара иашамкәа ишьҭаҵан", — ҳәа еиҭеиҳәоит анџьныр хада.

Акапиталтә ргылара Аусбарҭа атехникатә хылаԥшра анџьныр Геннади Адлеиба иҳәоит:

"Ажәытә канализациатә цәаҳәа амчлшара азхомызт иара аҭбаара амаҷра иахҟьаны. Уажәы ишьҭаҳҵаз атрубақәа акыр иҭбаауп ажәытәтәиқәа раасҭа", — ҳәа.

Аусуҩцәа ражәақәа рыла Имам Шамиль имҩа акаҭран ақәырҭәара ҽааназы иазыԥхьагәаҭоуп. Макьаназ уи залыршахом атехникатә ҟазшьақәа инарыдҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0