00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Аицәажәара
Ашәҟәыҩҩы Симонов Аҟәа дыргәаладыршәеит:Гәлиа имузеи аиҳабы лыҽцәажәара
13:42
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:08
13 мин
Главный четверг
Гудаута: поступления в бюджет, реконструкция набережной, турсезон
14:21
25 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Актуальный комментарий
РУСДРАМ на фестивале "АПСНЫ" и на Форуме объединенных культур
14:47
4 мин
Актуальный комментарий
Прогноз погоды в Абхазии до конца сентября
14:51
6 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Такие обстоятельства
Роль и полномочия районных собраний депутатов
18:49
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны аекономика аминистрра акадыртә резерв азнархиоит

CC0 / / Документы
Документы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистрра апрограмма ҿыц азырхоуп акадыртә резерв аиҿкаареи атәылауаа аусурҭа ҭыԥқәа рзыԥшаареи.

АҞӘА, жьҭаара 10— Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аекономика аминистрра апрограмма ҿыц азырхоуп акадыртә резерв аиҿкаареи атәылауаа аусурҭа ҭыԥқәа рзыԥшаареи иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Заур Гәлиа, жьҭаара 10 рзы.

"Аекономика аминистрра еснагь аинтерес азнауеит акадыртә потенциал, азхьаԥшра анаҭоит атәыла ауааԥсыра усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара. Уи иаанаго ҳапланқәа рынагӡаразы адырра бзиа змоу ауаа рыҟазаара аиҿкаароуп", — иҳәеит Гәлиа.

Аминистрра аԥшьгамҭа ҿыц апрограмма "Ауаҩытәыҩсатә капитал ахь аинвестициақәа" иадҳәалоуп. Апрограмма "Ауаҩытәыҩсатә капитал ахь аинвестициақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аекономикатә блок аусзуҩцәа рҟазара аизырҳаразы аҳәаанырцәҟа инарышьҭуеит.

Иара иажәақәа рыла ари апрограмма алҵшәақәа раашьҭра иалагахьеит. Имаҷҩымкәа аекономикатә блок аусзуҩцәа аҳәаанырцә рдырра иацҵаны ареспубликахь ихынҳәхьеит. Апрограмма ԥхьаҟагьы иацҵахоит.

Апрограмма ҿыц анагӡара ашьҭахь Аекономика аминистрра иаиуеит иныҭкаау аинформациа аекономикатә кадырқәа рганахь ала. Аиҳарак иара хра аманы иҟоуп заҟаҩы аусурҭа ҭыԥқәа рҭахны иҟоу аилкааразы. Арахь иаҵадыркуеит Аԥсни анҭыҵи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәагьы.

"Ҳара ҳастудентцәагьы гәыгәҭаҳажьуам. Ҳапрограмма аусураан ҳара иҳауеит аекономика аблок аганахь ала аус зурц зылшо рзы инарҭбаау аинформациа. Уи ҳара иаҳнаҭоит алшара абарҭ акадырқәа иаҭахханы ианыҟала иаразнакала рхархәара", — иҳәеит Заур Гәлиа.

Акадыртә резерв асиа аамҭа-аамҭала аманиторинг иахыжьхоит. Гәлиа ишиҳәаз ала аекономика аминистрра анапаҵаҟа иҟоу аусбарҭақәагьы акадырқәа рзы аҭахрақәа рымоуп еснагь.

Заур Гәлиа Аԥсны аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп 2017 шықәса цәыббра 27 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0