Урыстәылатәи акәац-аалыҵ Аԥсныҟа иааргоит

© Sputnik Сария КварацхелияМясные заморозки
Мясные заморозки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥшь-тоннак инарзынаԥшуа акәац-аалыҵ "Черкизово" Аԥснытәи аџьармыкьахь иааган 2017 шықәса нанҳәамзазы.

АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. 18 тонна инареиҳаны аилахәыра "Черкизово" акәтыжь аалыҵ Аԥсныҟа иааган ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ахәаахәҭратә хаҭарнак Владимир Некрасов.

"Ҳара иаҳҭахын аԥснытәи ахархәаҩ зхаҭабзиара ҳараку аалыҵ иоурц. Аԥхьа иаагеит иҵаарку акәтыжь, нас – ашәишәи ажьы. Аԥсуа хархәаҩ имоуп алшара ҳаилахәыра аалыҵ – акәтыжьи ашәишәи жьи ааихәарц", — иҳәеит иара.

Ахәаахәҭратә ҩны "Черкизово" Аԥсныҟа иаанашьҭуеит еиуеиԥшым аалыҵ хкқәа.

"Ассортимент зегьы алаԥшра алшоит. Черкизовтәи аалыҵ ГОСТ иақәшәоит. Уи иаанаго аалыҵ ахимиатә маҭәашьарқәа алам. Аҵааӡ анацрыҵлак аӡы аанхом", — иҳәеит Некрасов.

Некрасов иажәақәа рыла урыстәылатәи анаплакы аалыҵ Аԥсны даара иргәаԥханы ирыдыркылоит ахархәаҩцәа.

"Аԥхьатәи атауар ԥшь-тоннак рҟынӡа инаӡон. Ауаа иаархәеит. Иргәаԥхеит", — иҳәеит Некрасов.

Уажәы аилахәыра "Южные связи" Аԥсныҟа ирхьшәашәоу акәацлых аагара амеханизм аус аднаулоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0