Аетнолог "ахәаша 13" амш иазкны: аԥсуаа иҳацәтәымзаргьы- иазхазҵо ыҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар ирымоу еиуеиԥшым азхаҵарақәеи, азгәаҭарақәеи, насгьы аԥсуаа рҟны "ахәаша 13" амш ианнакыло аҭыԥыи ртәы дазааҭгылеит аетнолог, афольклорист Арда Ашәба.

Sputnik

Иҟоуп еиуеиԥшым амцхацарақәеи, амашәыри, аиқәшәарақәеи рыгәра зго ауаа. Урҭ рхыԥхьаӡара шырацәамгьы, иҟоуп дара рыԥсҭазаараҿы иԥыршәахьоу, игәарҭахьоу. Иаҳҳәап: аҩны иандәылҵуа акы рхашҭзар — агьежьра, амаҭәа шыушәу аӡахра, аишәа напыла арыцқьара, аԥара унацәхыԥқәа иргәылакны аӡәы иҭара ухәа убас ирацәаӡоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аԥсуаа ҳҟны ицәырҵуа иалагеит  "ахәаша 13" амш амшьҭа цәгьоуп ҳәа азгәаҭара.

"Урыстәыла, мамзаргьы Европа ирымоу азхаҵарақәа рҩыза ҳара иҳамаӡам. Абри "асуеверие" ҳәа изҿу, иҟалап Асовет аамҭазы иҿиазар. Иҟоуп абарҭ азхаҵарақәа ақьырсианреи аԥсылманреи рҟынтә иаланагалақәазгьы. Абри азхаҵара ҳәа ҳазҿу иамоуп иара ахатәы философиатә знеишьа, аԥсҭазаара иԥнашәахьоу ", — иҳәеит Арда Ашәба.

Аетнолог Арда Ашәба иажәақәа рыла, аԥсуаа ҳҟны ақьырсианреи аԥсылманреи еиҟараны аҭыԥ рыман, адинқәа ҳаҭырла ирзыҟан, дара ицәырыргоз азхаҵарақәеи азгәаҭарақәеи аԥсуаа ирыдыркылеит.

"Аӡәгьы иламҩашьо, аӡәы итәы еиԥшым, иашьашәалам аԥсуаа ҳхатәы азхаҵарақәа ҳамоуп. Ҳара иаҳҳәоит: алаԥықәшәа, амшьҭыцәгьара, амшьҭабзиара, аамҭа аҽеиҭакра, амш зеиԥшрахо, аманшәалара, аманшәаламхара, ақәыџьма иақәтәоу, уҳәа убас еиԥш ирацәаны. Зқьы иреиҳауп аԥсуаа иҳамоу азгәаҭарақәа", — ҳәа ациҵеит аҵарауаҩ.

Цветущий миндаль в мадридском парке Quinta de los Molinos - Sputnik Аҧсны
Аҿиареи, аизҳареи рынцәахәы Ҭаргьалас: аԥсуаа разхаҵарақәа

Ҳара иҳамоуп мышкы  "абга ахахәыц аналнамхо" ҳәа, иҳәеит аҵарауаҩ, убри амш маншәалаӡам ҳәа ирыԥҳьаӡоит аԥсуаа.

"Ахәаша, амза 13 аԥсуаа ҳзын акгьы аҳәаӡом, аха ҳара иҳамоуп мышкы "абга ахахәыц аналнамхо" ҳәа, убри амш маншәалаӡам. "Абга ахахәыц аналнамхо" ҳәа ззырҳәо амш, уи шықәсык ахь знык иақәшәоит, иҟалап ахәаша амза 13 иақәшәозаргьы, аха ҳара ҳзын уи акгьы аҳәаӡом. Ахәаша шьоукы ирықәуп, шьоукы ирықәӡам, уи дара рхаҭақәа аԥсҭазаара ирзаанаго аманшәалареи аманшәаламхареи роуп. Шаҟа иазхауҵо аҟара, даргьы уԥсҭазаараҿы иуԥылалоит ", — ҳәа азгәеиҭеит Арда Ашәба.

Абга акульт аԥсуа рҿаԥыцтә  рҿиамҭа аҟны ирацәаны иуԥылоит. Абга ауаҩы дақәтәаны дуԥылар — ибзиаӡам, иқәҿыуҭыр уеилеигоит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аха абга ахаҭа уԥылар, ибзиоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит аԥсуаа. Ажәытәан абга ацәа хәыҷык иадымхаргьы рџьыба иҭарҵон, ҳахьцо ҳманшәалахоит ҳәа иԥхьаӡаны, абгахәыҷы акәзар иуԥылаз, уи бзиаӡам ҳәа иԥхьаӡоуп.

"Ахәаша 13" амш аԥсуаа акгьы ҳанамҳәозаргьы, иҳацәтәымзаргьы, иара азхазҵо рхыԥхьаӡара рацәоуп, уи доусы иусуп: шаҟа агәра иго ари зымшьҭа цәгьоу ҳәа ирыԥхьаӡо амш. 


Ажәабжьқәа зегьы
0