АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампылтә клуб "Нарҭ" Аԥсны ашьапылампыл азы Ахраҿа анашьахеит. Ахыркәшаратә хәмарраҟны "Нарҭ" "Гагра" иацыхәмаруан, аиааирагьы агеит 4:1 ҳәа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа апресс-атташе Алхас Манаргиа.
"Ахәмарра ахԥатәи аминуҭ азы гагратәи ахәмарыҩцәа ампыл амба иҭадыршәит. Аҟәаа уи аҭакс актәи атаим нҵәаанӡа аҭактә мпыл амбахь инарышьҭит", — иҳәеит иара.
Ахәмарра актәи ахәҭа еиҭахарыла ихыркәшахеит. Иара убри аан аҟәаа аԥыжәара роур алшоны иҟан.
Апресс-атташе иазгәеиҭеит "Гагра" аԥыжәара аиур шалшоз, аха уи шазынамыгӡаз.
" "Гагра" аиааира агар ҟалоит ҳәа ҳаԥшын, аха пенальти ала урҭ рымба ампыл ҭаиршәит Лаша Коӷониа. Иубартә иҟалеит ирыцәҭашәаз ҩ-мпылк рышьҭахь гаграа аԥыжәара агара шырцәыуадаҩхоз", — ҳәа игәаанагра иҳәоит Манаргиа.
Ахԥатәи ампыл ахәмарра анҵәамҭаз иҭадыршәит, аԥшьбатәи ампыл – аӡбаҩ иациҵаз аамҭа иҭагӡаны гаграа рымба иҭадыршәит.
Алхас Манаргиа иажәақәа рыла, атрибунақәа руак 80% рҟынӡа ахәаԥшыҩцәа рыла иҭырҭәаан.
2017 шықәса рзы Ахраҿа занашьахаз "Нарҭ" аԥҵоижьҭеи 20 шықәса ҵуеит.