АҞӘА, жьҭаара 13, Sputnik апресс-маҵзура. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik будет XIX аҿари астудентцәеи Жәларбжьаратәи рфестиваль аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа нарҭбааны иҳаилнаркаалоит. Афестиваль мҩаԥысуеит Шәача ақалақь аҟны жьҭаара 14-22 рзы. Амаҵзура ауснагӡатә информациатә партниорны иазыҟоуп. Sputnik ацәыргақәҵаратә стенд аҟны алахәылацәа ирбар рылшоит ажәабжь ҿыцқәа, аинформациатә маҵзура аусура иадҳәалоу адыррақәа.
Амчыбжь аҩныҵҟа Sputnik астенд аҿы аус аулоит арадиостудиа. Иара аефир ахь ицәырҵлоит аполитикцәа, артистцәа, аспортсменцәа, аҿар.
Афестиваль иара убас жәларбжьаратәи ахҭысқәа рышьклаԥшра алшоит онлаин аус зуа аҭӡы ҷыдаҿы.
Аинформациатә контент еиҿыркаауеит 15 инареиҳаны Sputnik жәларбжьаратәи аредакциақәа.
Афестиваль мҩаԥысуеит Шәача ақалақь аҟны жьҭаара 14-22 рзы. Иара сасцәаны иаҭаараны иҟоуп 20 000-ҩык рҟынӡа аҿар, 180 тәыла рҟынтәи.
Ауснагӡатә амҩаԥгараҿы ацхыраара руеит 5000-ҩык рҟынӡ инаӡо аволонтертә корпус.
Sputnik – ажәабжьтә агентра, арадио, амультимедиатә информациатә хаҭарнакрақәа адунеи атәылақәа жәпакы рҟны иҟоуп. Sputnik ахь иаҵанакуеит асаитқәа, арадио, амобилтә хархәара, асоциалтә саитқәа рҟны адаҟьақәа.
Sputnik аҟны иҟоуп еиуеиԥшым аинформациатә контент: аинфографика, авидео, афотодырраҭарақәа, ишиашоу ицо аефирқәа, аинтернет бжьыҭара уҳәа. Заҳаракыра дуу ажәабжьқәа рыда, аԥхьаҩ идгалоуп аналитикатә материалқәа, аиҿцәажәарақәа, аексперттә гәаанагарақәа.