Аҿари астудентцәеи рфестиваль уаанӡатәи афестивальқәа ираԥнагар алшоит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКарнавальное шествие в рамках XIX Всемирного фестиваля молодежи и студенчества
Карнавальное шествие в рамках XIX Всемирного фестиваля молодежи и студенчества - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿари астудентцәеи XIX Адунеизегьтәи рфестиваль иалахәу рхыԥхьаӡара уаанӡатәи афестивальқәа ирыдукылозар акыр еиҳауп.

АҞӘА, жьҭаара 16 — Sputnik. Аҿари астудентцәеи XIX Адунеизегьтәи рфестиваль иалахәу рхыԥхьаӡара уаанӡатәи афестивальқәа ирыдукылозар акыр еиҳауп. Аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рлахәылацәак заанаҵтәи аҭаҩра иахымсыкәа иааит. Уажәы урҭ рзы анхарҭа ҭыԥқәа реиҿкаара иаҿуп, иара убасгьы аккредитациа рзыруеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҿари астудентцәеи XIX Адунеизегьтәи рфестиваль аофициалтә саит.

Уажәазы ақалақь иаҭаахьеит 50000-ҩык алахәылацәа, аволантиорцәа, аиҿкааҩцәа, асасцәа.

Абас ала Аҿари астудентцәеи XIX Адунеизегьтәи рфестиваль амасштабқәа рыла уаанӡатәи афестивальқәа акыр ираԥнагар алшоит.

Ишәгәалаҳаршәоит зегь раасҭа алахәыла рацәа аман ҳәа ишшьоу 1957 шықәса рзы Москва имҩаԥысуаз афестиваль. Иара иалахәын 34000-ҩык.

Уажәтәи афестиваль мҩаԥысуеит жьҭаара 14 — 22 рзы Аолимпиатә парк аҿы, Шәача.

2000-ҩык аҳәаанырцәтәи афестиваль алахәылацәа раԥхьатәи ахымш рзы ирҭаараны иҟоуп урыстәылатәи арегионқәа 15, Калининград инаркны Владивостокнӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0