00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

АҶА: идырым ахаҵа иԥсыбаҩ ԥшаауп

© Sputnik / Томас ТхайцукМЧС Абхазии
МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩадатәи Кьылашәыртәи амҩа ԥшьбаҟа километра инацәхыкны ирбеит идырым ахаҵа иԥсыбаҩ ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik, Бадри Есиава. 2017 шықәса ԥхынгәымзазы хабарда ибжьаӡыз урыстәылатәи атурист Андреи Лихачев иԥсыбаҩ ауп ҳәа агәаанагара ззыҟоу аԥсыбаҩ рбеит Аҩадатәи Кьылашәыртәи амҩа ԥшьбаҟа километра инацәхыкны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

"Аԥсыбаҩ еилыхын. Аԥсыбаҩ аабеит ҳәа адырра шааҳауз еиԥш уахь инаҳашьҭит ҳмаҵзурауаа. Урҭ макьаназ рыҽҳамардартә аҭагылазаашьа ыҟам, аха агәаанагара ыҟоуп аԥсыбаҩ зтәу 2017 шықәса ԥхынгәымзазы хабарда ибжьаӡыз урыстәылатәи атурист Андреи Лихачев иоуп ҳәа", — иҳәоит Кәыҵниа.

Аминистр иажәақәа рыла аԥсыбаҩ машәыршәа дахҭыгәлеит амҩасҩы. Уи аҭыԥ ахь шамахамзар уаҩ дықәнагалом. Амҩа иацәхыкуп.

Москватәи аобласт аҟны инхоз Урыстәыла атәылауаҩ Андреи Лихачиов иԥшаара акраамҭа иаҿын.

Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист иԥшаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист иԥшаара иаҿуп

"Ҳара иара дахьынхоз ақалақь Раменски аҟынтәи аинформациа ҳауит ԥхынгәы 9 рзы аҳәаа иахысыз Андреи Лихачев ихабар ыҟам ҳәа", — иҳәоит Кәыҵниа.

Аминистр иажәақәа рыла атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц, нас уахьынтәи Гаграҟа дхынҳәырц.

"Аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман иани иареи ԥхынгәы 12 рзы. Усҟан иара иҳәеит зегь бзиоуп ҳәа. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан", — иҳәеит аминистр.

Иара иазгәеиҭеит аинформациа шроузҵәҟьа аԥшаарақәа ишрылагаз, аха иахьа уажәраанӡагьы ишьақәыргылоу дырра шрымам Лихачев иганахь ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0