Ҭраԥшь: аҵыхәтәантәи аамҭазы ахәыҷқәа рира маҷхеит

© Sputnik Бадрак Авидзба Рита Трапш
Рита Трапш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша аиҳабы Рита Ҭраԥшьԥҳа иазгәалҭоит "Агәабзиарахьчаразы" Азакәан аус еиҭадулатәуп ҳәа.

АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша аиҳабы Рита Ҭраԥшьԥҳа иазгәалҭоит Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы ахәыҷқәа рира маҷхеит ҳәа.

"2000 шықәса раахыс асеиԥш аира лаҟәны иҟамлацызт. Апарламент аҟны ирыдыркылаз, аԥҳәыс лҽырбгара азин ԥызкуа азакәан ахшараиура аизырҳара иазырхан, аха усеиԥш ҟамлеит. Азакәан бзиара аанамгеит, 2016 шықәса рзы ҩыџьа анацәа ҿарацәа ахьҳацәҭахаз ада", — лҳәеит лара.

Иҟоу аҭагылазаашьа зыхҟьаз алацәажәара уадаҩуп, иара убри аамҭазы аҳақьым иазгәалҭоит ахшараура иазыԥшу анацәа маҷҩымкәа Урыстәылаҟа ахшараиура ицоит ҳәа. Усеиԥш ҟалоит избанзар ҩ-тәылак ртәылауаҩра азин ҟанаҵоит анратә мал аиуразы лҳәоит лара.

"Сара изныкымкәа исҳәоит амедицинатә ҭагылазаашьа азгәаҭатәуп, иахәҭаны иҟазар аԥҳәыс лҽырбгара мҩаԥгатәуп ҳәа. Ааигәа ҳара ҳахь дааргеит ашьақәыӷәӷәара ҳарак змаз, зцәа зтәымыз аԥҳәыс. Лаар лыҽлырбгар лҭахын, аха мап лцәаҳкыр акәхеит. Аамҭақәак рышьҭахь лыԥсҭазаара ашәарҭа иахьҭагылаз инамаданы аборт лзааур акәхеит", — лҳәоит Ҭраԥшьԥҳа.

Апарламент аҟны хымԥада "Агәабзиарахьчараз" Азакәан еиҭахәаԥшыроуп ҳәа азгәалҭоит аҳақьым.

2017 шықәса жәымзы рыҩныҵҟа Аԥсны иит 1500-ҩык ахәыҷқәа. Иара убри аамҭазы 2016 шықәса рзы иит 2000-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа.

"Агәабзиарахьчаразы" Азакәан ариашарақәа аларгалеит Апарламент адепутатцәа 2016 шықәса жьҭаарамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0