Александр Градски Альдона Цкәыуаԥҳа ажәалагала лзыҟаиҵеит

© Фото : Facebook/ГолосАльдона Цкуа
Альдона Цкуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ателехәаԥшратә музыкатә проект "Голос" далахәын Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Альдона Цкәыуаԥҳа.

АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Амузыкант, апродиусер Александр Градски Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Альдона Цкәыуаԥҳа итеатр "Градский-холл" ахь днеиԥхьеит ахапаҳәаҩык лыҳасаб ала. Абри атәы радио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Альдона Цкәыуаԥҳа.

"Нагиев сара апроект ааныжьны сцоит ҳәа аниҳәа ашьҭахь, Градски аҭакс иҳәеит: "Дцом аха диасуеит" ҳәа. Сара сзы уи иаалырҟьаны иҟалаз хҭысхеит. Иара итеатр "Градский-холл" ахь снеиԥхьеит хапаҳәаҩык лыҳасаб ала" ҳәа еиҭалҳәеит лгәырӷьара лзымҵәахуа "Голос" алахәыла.

Альдона илҳәеит лара лзы амузыкатә проект аҽалархәра аасҭагьы аҵакы шамаз арҿиаратә усура ацҵара. Илҳәеит насыԥ лыманы лхы шылбо.

Ҳашәаҳәаҩ иазгәалҭеит Селимом Алахиаровы лареи реицықәгылара ишылнарбаз асценатә ԥсҭазаара асирра.

"Ашәа анагӡараан иааҳакәыршаны уаҩԥс дыҟамшәа аҭагылазаашьа збон. Уи сценатә ԥсҭазаароуп. Раԥхьатәи сықәгылараан акыр агәыхыҭхыҭра сымазар, уажәазтәи сықәгылара схаҭагьы схы-сгәы азҭанаҵеит", — лҳәоит лара.

Апроект "Голос" арҿиаратә ԥышәа ду снаҭеит, Градски аус ицура акәзар, схы-сгәы азҭанаҵеит лҳәеит Цкәыуаԥҳа. Иагьацылҵеит апроект алахәылацәа рыбжьара аиндаҭлара шыҟамыз, зегь шеиҩызцәахаз.

"Градски игәыԥ алахәылацәа зегь ҳаиҩызцәахеит. Ҳхатәы чат ҳамоуп. Ҳаиныруеит. Ҭаацәак реиԥш ҳҟалеит", — лҳәоит лара.

Апроект "Голос 6" иалахәуп 54 шәаҳәаҩы. Александр Градски, Дима Билан, Пелагеиа, Леонид Агутин апроект ажиури иалахәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0