АҞӘА, жьҭаара 24- Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амашьына зысыз аҷкәын иԥсҭазааара ашәарҭара иҭагылоуп, абри атәы Sputnik, акорреспондент изеиҭаиҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Аполлон Гәыргәлиа. Иара иажәақәа рыла ахәыҷы ибҩақәа ԥыҵәҵәоуп, анаҩстәи иҭагылазаашьа зеиԥшрахоу аҳәара уадаҩуп. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла уи иԥсҭазаара аиқәархыразы ирылшо зегьы ҟарҵоит.
Жәиԥшь-шықәса зхыҵуа ашколхәыҷ амашьына исит Арӡынба имҩеи Аидгылара амҩеи реихысырҭаҿы.
Арыцҳара аныҟала ашьҭахь автомобиль Peugeot–370 аԥсҟы зкыз Анаркологиатә диспансер ахь днаган, анаоркотикатә маҭәашьарқәа идкылан дыҟазу дыҟамзу агәаҭаразы.Аҳәынҭавтоинспекциа аузуҩцәа ахҭыс иадҳәалоу аматериалқәа реизгара иаҿуп.
Автомашьына аџьырмыкьа хадахьы ицон. Амашьына зысыз ахәыҷы аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҿы аҵара иҵоит.
Уаанӡа, ахәаша, жьҭаара 20 рзы Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра ажурналист Фатима Қәҭелиаԥҳа Леон имҩеи Аиааира амҩеи реихысырҭаҿы амашьына лысны ахәышәтәырҭахь днаргахьан.