Богдан Багаҭелиа Урыстәыла аԥхьахә агаразы актәи аҭыԥ ааникылеит

© Фото : apsnypress.infoБогдан Багателия занял первое место на Первенстве России
Богдан Багателия занял первое место на Первенстве России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи аобласть Чехов ақалақь аҿы жьҭаара 18 инаркны 21 нӡа имҩаԥысуан 16 шықәсанӡа зхыҵуа рыбжьара зхы иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла аԥхьахә агаразы аицлабрақәа.

АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Зыкапан 69 кьыла иҟоу рыбжьара, Урыстәыла аԥхьахә агаразы зхы иақәиҭу ақәԥараз 16 шықәсанӡа зхыҵуа рыбжьара Богдан Багаҭелиа иааникылеит актәи аҭыԥ. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭаиҳәеит, зхы иақәиҭу ақәԥараз аспортсмен актәи иазыҟаҵаҩ Ҭеимыр Џьопуа.

"Имҩаԥигеит аиԥыларақәа хәба, зегьы рҿы даиааит актәи аҭыпгьы ааникылеит. Афинал азбжаҿы иара диааит Европа ачемпион, Европа аԥхьахә згахьаз", — иҳәеит азыҟаҵаҩ иааӡамҭа дизгәдууны.

Ҭеимыр Џьопуа иҳәеит ЦСКА аспорттә клуб аҿы иахьазы рыҽшазыҟарҵо 15 аспортсменцәа қәыԥшцәа.

"Денис Царгәыш иахьҽазыҟаиҵоз школуп. Ҳаҷкәынцәа зегьы уа иҟоуп. Урҭ рахьынтә жәҩык зхы иақәиҭу ақәԥараз Урыстәыла аԥхьахә агаразы иқәгылеит", — иазгәаиҭеит Џьопуа.

Зыкапан 63 кьыла иҟоу рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит, аԥсуа спортсмен Марат Кокосқьериа, Аԥсны иара дазыҟаиҵон Дауҭ Лазба.

"Марат еиԥыларак даҵахеит, хԥа рҿы аиааира игеит. Уигьы бзиоуп. Раԥхьаӡа акәны Урыстәыла аԥхьахә агаразы дықәгыланы, аԥхьахәтә ҭыԥгьы ааникылеит", — иазгәаиҭеит Ҭеимыр Џьопуа.

Москватәи аобласть Чехов ақалақь аҿы имҩаԥысуан 16 шықәсанӡа зхыҵуа рыбжьара зхы иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла аԥхьахә агаразы аицлабрақәа, жьҭаара 18 инаркны 21 нӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0