АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны имҩаԥысуеит аимҳәа аҟынтә алаҵа аҟаҵара. Алаҵа иалшоит авирустә гәаҵәкра аԥырҟәҟәаара ҳәа лҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭоз Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым–пульмонолог Шьазина Хәырхәмал.
"Ауаҩы агәаҵәкра ихьыргьы еиҳа имарианы ихигоит алаҵа анилоу", — лҳәеит лара.
Аҳақьымцәа заанаҵы ирзазыԥхьагәаҭом агәаҵәкра аепидемиа Аԥсны иҟалоу иҟамлоу.
"Ҳара ҵакырала еиҳа иаҳзааигәоу Краснодартәи атәылаҿацә аҟны макьаназ шәарҭарак ыҟоуп ҳәа адыррақәа ҳмоуцт. Уи адагьы Урыстәыла сынтәа массала алаҵаҟаҵара мҩаԥыргеит азы ачымазара рацәак аҽарыцәгьап ҳәа ҳаҟам", — лҳәеит лара.
Авирустә гәаҵәкра анухьуа ушоура халоит, ахьҭаркра ӷәӷәахоит, умаха-ушьаха ухьуеит.
"Абасеиԥш аан хымԥада аҳақьымцәа рахь анеира ахәҭоуп", — лҳәоит аҳақьым.
Ахәыҷқәа рыбжьара авирустә гәаҵәкра рацәахеит Урыстәыла, аиҳарак: Приамурие, Тулатәи, Иарославтәи, Владимиртәи аобластқәа рҟны.