АҞӘА, жьҭаара 24 — Sputnik. "Реали" Португалиа еизгоу ашьапылампылтә командеи рыхәмарыҩ Криштиану Роналду иҳәеит ФИФА аверсиала "иреиӷьу ашьапылампыласыҩ" аноминациаҿы аԥыжәара иигаз еиуеиԥшым ацәанырра ссирқәа шизцәырнагаз.
Абри аноминациаҿ иқәгылан "Барселона" ахәмарыҩ Лионел Мессии "Пари Сен-Жермени" Бразилиа еизгоу акомандеи рыхәмарыҩ Неимареи.
Дара рҩыџьагьы афиналтә шорт-бӷьыц аҟны рыхьыӡқәа арбан. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Эстония.
"Аҽазныкгьы асеиԥш иҟоу ахьӡ аԥсахара гәырӷьара дуӡӡоуп. Иара рзыскуеит сҭаацәа, сҩызцәа, сазыҟаҵаҩцәа, иара убасгьы исыдгыло зегьы" ҳәа иҩит Роналду Twitter аҟынтәи идаҟьаҿы.