Ашә, абысҭа, нас арҵәы

Анапаҵаҩра
Абысҭа аныҳәақәа раан еиԥш есҽынгьы аишәаҟны иқәгылоуп. Аиҳарак иара агьама бзиоуп аԥсуа мца иахакнаҳаны ианыруа.

Аԥсуаа ргәыхә аиҳарак амцаҟноуп иахьыҟарҵо. Абысҭа еиҳарак џьыкахышда ибаӷьаны иуу қашьуп. Абысҭа аныҳәақәа раан еиԥш есҽынгьы аишәаҟны аҭыԥ амоуп. Ишыԥхоу аишәахь иааргоит, амҳабысҭала ирԥшӡаны ианырҵоит. Ачысмаҭәа шыҟоугьы абысҭа напыла иуфароуп агьама анудыруа ҳәа иԥхьаӡоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАбысҭа – аҭыԥантәи ачысхада ҳәа иԥхьаӡоуп. Ибаӷьаны иуу абысҭа ишыԥхоу, ашә сақәа алаҵаны аишәа иқәдыргылоит.
Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
1/9
Абысҭа – аҭыԥантәи ачысхада ҳәа иԥхьаӡоуп. Ибаӷьаны иуу абысҭа ишыԥхоу, ашә сақәа алаҵаны аишәа иқәдыргылоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбысҭа аиҳарак амца иахакнаҳау ачуан иҭаруеит. Аԥсуаа рынхарҭа ҷыда – аԥацхаҟны ахәшҭаарамца еснагь идууз аҵакы аманы иҟан.
Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
2/9
Абысҭа аиҳарак амца иахакнаҳау ачуан иҭаруеит. Аԥсуаа рынхарҭа ҷыда – аԥацхаҟны ахәшҭаарамца еснагь идууз аҵакы аманы иҟан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАчуан аҟны аӡы еилашит. Заа игәӡаны ирхәыз ашыла (ма ахырӷ) аҭаԥсара иаамҭоуп.
Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
3/9
Ачуан аҟны аӡы еилашит. Заа игәӡаны ирхәыз ашыла (ма ахырӷ) аҭаԥсара иаамҭоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҭаацәа рзы абысҭа зуа аԥшәмаԥҳәыс лоуп. Аныҳәақәеи ачарақәеи раан уи знапы иану ахацәа роуп. Абысҭа ирлас-ырласны еилырхлатәуп, уи азы амч аҭахуп – аԥҳәыс лылшара азхом.
Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
4/9
Аҭаацәа рзы абысҭа зуа аԥшәмаԥҳәыс лоуп. Аныҳәақәеи ачарақәеи раан уи знапы иану ахацәа роуп. Абысҭа ирлас-ырласны еилырхлатәуп, уи азы амч аҭахуп – аԥҳәыс лылшара азхом.
© Sputnik / Томас ТхайцукАшыла аӡы иҭаԥсаны сааҭк аҟара иазыԥшуеит ибзианы исарц азы. Аԥсуа бысҭа изакәызаалак ҵаарак арҭом.
Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
5/9
Ашыла аӡы иҭаԥсаны сааҭк аҟара иазыԥшуеит ибзианы исарц азы. Аԥсуа бысҭа изакәызаалак ҵаарак арҭом.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥацхаҟны алҩа иахакнаҳаны ашә, ажьҵаа дырҩоит. Иара убраҵәҟьа идырҩоит еицырдыруа аԥсуа чысхә – аџьыкаҵәаҵәа злырхуа аԥсуа пырпылгьы.
Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
6/9
Аԥацхаҟны алҩа иахакнаҳаны ашә, ажьҵаа дырҩоит. Иара убраҵәҟьа идырҩоит еицырдыруа аԥсуа чысхә – аџьыкаҵәаҵәа злырхуа аԥсуа пырпылгьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукИсаз, аха макьаназы иҟәымшәышәу абысҭа ажәпаразы ашыла ахаԥсаны ируеит.
Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
7/9
Исаз, аха макьаназы иҟәымшәышәу абысҭа ажәпаразы ашыла ахаԥсаны ируеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукИбзианы ихәаны аҽа жәохәҟа минуҭ амца ишахакнаҳау иаанрыжьуеит абысҭа.
Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
8/9
Ибзианы ихәаны аҽа жәохәҟа минуҭ амца ишахакнаҳау иаанрыжьуеит абысҭа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбысҭа иацырфоит ашә, акәац-рҩа, арҵәқәа, еиуеиԥшым асыӡбалқәа. Гәаԥхара-чара шәоуааит!
Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
9/9
Абысҭа иацырфоит ашә, акәац-рҩа, арҵәқәа, еиуеиԥшым асыӡбалқәа. Гәаԥхара-чара шәоуааит!
Ажәабжьқәа зегьы
0