00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
"Аԥсны акоманда" апроектқәа аԥсҭазаара аларҵәашьа
18:04
2 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа идырԥшӡеит арт-кластер "Таврида" иҟоу аҩны
18:06
8 мин
Новости
Главные темы
18:37
16 мин
On air
18:53
3 мин
Актуальный комментарий
Как и когда пройдут выборы в Парламент Абхазии по Драндскому округу
18:56
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Зынӡа ишәарҭам: Sputnik аусзуҩцәа агрипп чымазара аҟнытә алаҵа ҟарҵеит

Анапаҵаҩра
Ҳтәылаҿы мчыбжьык аахыс ахәышәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы аҿк чымазара аҽацәыхьчаразы ауааԥсыра алаҵа рзыҟарҵоит. Уи акәша-мыкәша ирацәоуп еиуеиԥшым ацәажәарақәа. Sputnik Аԥсны аусзуҩцәа рхатә ҿырԥшыла ирыӡбеит алаҵа ишахцәажәо еиԥш ишшәарҭам ауааԥсыра деилыркаара.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Аҭҵаарақәа иаадырԥшит есышықәса адунеи аҿы 5 миллионк инарзынаԥшуа ауааԥсыра агрипп чымазара шрыхьуа, урҭ рахьынтә 250 нызқьҩык рыԥсҭазаара иалҵуеит. Ирацәаҩуп уи иамыхәаԥшкәа алаҵа аҟаҵара мап ацәызкуа.

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лажәақәа рыла, алаҵа мап ацәызкуа аиҳараҩык риммунитет иақәгәыӷуеит.

Анжела Арчелия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арчелиаԥҳа: аллергиа змам ауаҩы авакцина ҟаиҵар еиҳа еиӷьуп

"Згәабзиара иахылаԥшуа ауааԥсыра ачымазара рхыргар алшоит, аха рааигәа иҟоу рзы уи шәарҭоуп. Ахәыҷқәеи зықәрахь инеихьоу ауааи ачымазара рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылар алшоит", — еиҭалҳәеит Лиудмила Скорик.

Зықәрахь инеихьо ауаа рзы аҿк чымазара шәарҭоуп.

"60 шықәса ирҭысхьоу агрипп чымазара бааԥсыла ирхыргоит. Иара егьырҭ рцәеижьы иалоу ачымазарақәа анырра анаҭоит, зны-зынла ианрызхымгогьы ыҟоуп", — азгәалҭеит аҳақьым.

Sputnik Аԥсны аредакциаҿы агрипп ачымазара аҟнытә алаҵа ҟарҵеит.

"Хаҭалатәи аҿырԥшы ала, ауаа алаҵа шшәарҭам атәы агәра ргоит. 30 секунд ҵхьеит алаҵа ҟасҵеижьҭеи, ишыжәбо еиԥш сыԥсы ҭоуп – дахлафаауеит Sputnik Аԥсны аредактор хада Дмитри Нездоровин – Ҳхы мацара акәым ҳакәша иҟоу ауааԥсырагьы ирызхәыцтәуп. Аҩажәатәи ашәышықәсазы ицәырҵыз ачымазара Европа азбжа ннарҵәеит. Иахьа иҟоуп уи уацәызыхьчаша, нас изыҟаумҵари. Ишәарҭоу ишәарҭаму, уи азҵаара аҭак ҟарҵоит аҳақьымцәа, алаҵа ахаҭабзаиразы аҭакԥхықәра зхахьы изго".

Аԥсны ауааԥсыра алаҵа рзыҟарҵалоит ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа араионтәи ақалакьтәи хәышәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы хәыда-ԥсада. Аҳақьымцәа алаҵа зегьы ирызхоит ҳәа азгәарҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0