Ҳаџьымба: Аԥсны азыхиоуп Урыстәылатәи Афедерациа аекономика аус ацура

© Sputnik / Томас ТхайцукВосьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме
Восьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы VIII Аԥсны- Урыстәылатәи аусутә форум мҩаҧысраны иҟоуп. Афорум аиҿкааҩцәа – Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрреи Аҧсны аекономика Аминистрреи.

АҞӘА, жьҭаара 27– Sputnik, Бадри Есиава, Бадраҟ Аҩӡба. Жьҭаарамза 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы VIII Аԥсны- Урыстәылатәи аусутә форум аатит. Афорум модераторс дыҟоуп Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Афорум аҟны адныҳәаларатә ажәахә ҟаиҵеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

"Иахьатәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәараны иҟоуп аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаара, ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа ԥхьаҟа рыҿиара азҵаарақәа, абизнес маҷи абжьаратә бизнеси русеицура азҵаара уҳәа ирацәаны", — иҳәеит Аԥсны Ахада.

Атәыла Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны шазыхиоу Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ус ацура. Афорум Аԥсны иналукааша уснагӡатәны ишьоуп. Ииасыз ашықәсқәа рзы атәылақәа аҩба рыбжьара имҩаԥган ганрацәалатәи аусура" — иҳәеит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукВосьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме
Восьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме  - Sputnik Аҧсны
Восьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме

Ҳаџьымба иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анапы шрыҵаҩу 130 инарзынаԥшуа аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа.

Аԥсны иҭрыжьуа аалыҵ аиҳара Урыстәылаҟа ицоит експорт ҳасабла. Урыстәыла имҩаԥысуа ацәыргақәҵақәа рҿы акәзар Аԥснытәи аалыҵ шамахамзар аԥхьахәқәа анашьахоит.

Уи адагьы, — иҳәоит Рауль Ҳаџьымба, — аҿиара рымоуп атуризм аусхк аҟны аусеицурақәа. Аԥсны иаԥнаҵоит иахәҭаны иҟоу аҭагылазаашьақәа аинвистициақәа рааԥхьаразы ҳәа азгәеиҭоит атәыла Ахада.

© Sputnik / Томас ТхайцукVIII Абхазо-российский деловой форум
VIII Абхазо-российский деловой форум - Sputnik Аҧсны
VIII Абхазо-российский деловой форум

Аҧсны Урыстәыла азы акыр зҵазкуа партниоруп, Аҧсни Урыстәылеи доуҳалеи ҭоурыхлеи еизааигәоу ҳәынҭқаррақәоуп. Урыстәыла аринахысгьы Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара иацхраалоит, уи ашәарҭадара ахьчареи аполитикатә дгылареи ирыцнаҵоит, араҟа иҷыдоу ароль анагӡара рыдуп лассы-лассы имҩаҧгахо аҧсуа-аурыс аусуратә форумқәа ҳәа азгәанаҭоит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев дзыԥхьаз, Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин афорум иазааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы.

Афорум традициала Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара атуризм, аусдкылара, ахәаахәҭра-економикатәи арегионбжьаратәии аимадара арҕәҕәара иазырхоу аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара иазкхоит.

Афорум аусуратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, астол гьежьқәа ҧшьба рымҩаҧгара азҧхьагәаҭоуп, аҧсуа-аурыс усуратә хеилак изаамҭанытәиу аилатәареи аусуратә еилазаара ахаҭарнакцәа рзы аусуратә контактқәа рбиржеи мҩаҧгахоит.

Апленартә еилатәара алагамҭазы Урыстәылеи Аԥсни рделегациақәа рлахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ахьӡ-аԥша апарк аҟны. Арахь иааиит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр Беслан Барцыц, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба, Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыҧуаҩ – аҳәынҭқарратә мазара анаҧхгараҭара азы Афедералтә маҵзура анаҧхгаҩы Дмитри Пристансков, Нхыҵ-Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр ихаҭыҧуаҩ Ольга Рухуллаева.

Ажәабжьқәа зегьы
0