Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бебиаԥҳа: қыҭацыԥҳьаӡа сцаны арепрессиа иалаӡыз рҭоурых анысҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЕкатерина Бебиа
Екатерина Бебиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз Рымш. Аԥснытәи Ассоциациа адыррақәа рыла ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны ахара рыдҵан иҭархан быжьнызқьҩык рҟынӡа ауаа.

Акыр шықәса инеиԥанкыланы аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ирызкны ашәҟәы аиқәыршәара иаҿу ажурналист, ашәҟәыҩҩы, Екатерина Бебиапҳа Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа данлыҿцәажәоз дазааҭгылеит харада хара зыдҵаны идырӡыз рҭоурых аидкылара дшалагази, ашәҟәы аԥхьаҩцәа рнапаҿы ироуратә ианыҟало аамҭеи ртәы.

"Хра злоу ахҭысқәа": ажурналист апрофессор Екатерина Бебиԥҳа дазааҭгылоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ирзкны илыҩуа ашәҟәы

Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа 30 шықәса инреиҳаны иҵуеит 1937–тәи ашықәсқәа рзы харада ахара зыдҵаны иҭархаз аԥсуаа рсиақәа ашьақәыргылареи, хаз шәҟәны аиқәыршәареи даҿуижьҭеи. Лара лажәақәа рыла қыҭацыԥҳьаӡа дцаны арепрессиа иалаӡыз рыхшаареи, дара здыруази, уи иацәынхази ргәалашәарақәа анылҵон, уи инаваргыланы Аԥснытәи архивқәа рыҟны аус луан. 

Ажурналист Екатерина Беиаԥҳа 30 шықәса рыҩнуҵҟа еидылкылаз аматериал ҩ-томкны иҟоу ашәҟәы ҭыҵратә еиԥш иаарласны аҭыжьра иазлырхиоит.  

Ажәабжьқәа зегьы
0