Аҳәаа иахыгоу ацитрустә аалыҵқәа рхыԥхьаӡара маҷхеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСбор мандаринов в Абхазии
Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы амармалташьтә пты азҵаарала аилатәара мҩаԥысит.

АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иҟоу аинформациала Аԥсуа-аурыс ҳәаа иахыгоуп 35 тонн ацитрустә шәырқәа. Иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшуазар, ҵыԥх уажәааны 200 тонн ахыган иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Дауров.

Иара инациҵеит сынтәа шаҟа тонн ацитрустә шәырқәа ирзыԥшу макьана ишырмыԥхьаӡац, уи аус иаарласны ихыркәшатәуп.

"Жьҭаара 25 рзы ихҳаркәшар акәын, аха амш иаҳнамҭеит, иааиуа амчыбжь нҵәаанӡа еилкаатәуп иаадкылан шаҟа ацитрустә шәырқәа ҭаҳгаларан иҟоу", — иҳәеит иара.

Дауров иазгәаиҭеит арҭ амшқәа рзы аҽаҩра зеиԥшрахоу аилкааразы араионқәа рахь аспециалистцәа цараны ишыҟоу. Аилатәара иалахәын араионқәа ақыҭанхамҩа аҟәшақәа рнапхгаҩцәагьы. Иҳәатәуп раионқәак рҿы аихшьаалақәа шыҟаҵоу.

"Гәылрыԥшь араионаҿ аҽаҩра зеиԥшрахоу еилкаауп, аҳәынҭқарратә сектор аҿы ҵыԥхтәи арбагақәа ирҿырԥшны иуҳәозар даара илаҟәуп. Хаҭалатәи асектор аҿы аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьуп, 12 тонн рҟынтә 7 ҳәа иԥхьаӡоуп", — азгәаиҭеит Гәылрыԥшь араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Рафик Григориан.

Ацитрустә шәырҵлақәа анышәҭуаз аамҭазы амшқәа ахьыцәгьаз аҟнытә иара убас амармалташьтә пты аԥхасҭа ду ахьыҟанаҵаз иахҟьаны сынтәа аҽаҩра маҷхеит иазгәарҭеит аспециалистцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0