Аибашьҩы: Шроматәи ажәылара ҳаибашьраҿы иалкаатәу хҭысуп

© Фото : предоставлено музеем Боевой СлавыОВНА
ОВНА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1992 шықәса абҵара алагамҭазы Аԥсны арбџьармчқәа Гәымсҭатәи афронт ақыҭа Шрома аганахь ала ажәылара мҩаԥыргеит.

АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Шроматәи ажәылара ҳаибашьраҿы иалкаатәу хҭысуп, иҳәеит уи ажәылара иалахәыз, Агәымшәаразы амедал занашьоу Беслан Торчуа.

"Шроматәи ажәылара ҳара ҳҭоурых аҿы уиаҟара иҭҵаам ҳәа сгәы иаанагоит. Абҵара аказы еиҿыркаауа иалагеит агәыԥқәа Шромантәи Аҟәаҟа ажәылара ҟарҵарц азы агәҭакқәа шыҟаз ала лымҳаҭасқәак ҳаман", — азгәеиҭеит уи.

Беслан Торчуеи уи иҩыза Закан Маршьани ари ажәылара рхы аладырхәырц рыӡбеит. "Аха усҟан агәыԥқәа еиҿкааны иҟаӡамызт, гәыԥк шәадҳәалазар ауп рҳәан "Шьараҭын" акәашаҩцәа ргәыԥ аҟны ҳҽанаҳҵеит, асиа еиҿикаауан Едуард Бебиа", — иҳәеит Торчуа.

Анаҩсан амашьынақәа ирықәыртәаны аибашьцәа быжьсааҭк амҩа иқәын ажәылара ацәаҳәаҿы инеиаанӡа.

"Ианша ԥыҭрак ҳҩаскьан ҳдыртәеит, абҵара ҩба рзы акәын ари аныҟаз. Макьаны иҳаздыруамызт ақәылара аныҟалоз, издыруаз аиҳабацәа ракәын", — азгәеиҭеит уи.

Ажәылара аламҭалаз агәыԥ аҟынтәи аԥшыхәыҩцәа дәықәырҵеит аӷа имчрақәа ахьеизгоу, џьыԥҳаныс имоу аилкааразы.

Война народа Абхазии 1992-1993 годов - Sputnik Аҧсны
Аибашьҩы: сентиабртәи ажәылара аан зегьы агәра ҳгон ҳшаиааиуаз

"Афонаа аҷкәынцәа цан хҩык ԥшьҩык аӷацәа, уи ашьҭахь ҳаӷацәагьы еилыркаазар акәхап ҳара ҳҽеиқәыршәаны ҳшыҟаз", — ациҵеит Торчуа.

Абҵара хԥа ацәылашамҭаз жәылара ҳдәықәлеит, раԥхьа игылан Афон агәыԥи, Шамиль Басаеви, аҩбатәи ахәҭаҿы иҟан аҟабардақәеи "Шьараҭын" агәыԥи.

"Ҳара амҩа ҳшықәыз ахысбыжьқәа ҳаҳаит, нас иааиқәтәан, нас ҳаргьы аӡы ҳарны ахәы ҳанхала иаҳбеит ақырҭцәа рганахь ала иҟаз ахырӷәӷәарҭақәа рҟны иаҳбеит ишьны икажьыз шырацәаз", — азгәеиҭеит иара.

Ԥыҭрак ианынаскьа ашьҭахь Шроматәи ацҳа аҟны аи ҿахысра ӷәӷәа ҟалеит. "Ҳара аҩхаа ҳҭакны ҳҟалеит, ҵаҟа Гәымсҭа аӡиас ахьцо лбаашьа амамызт, уахь илыбаазгьы аҷкәынцәа еиханы ицон, урҭ анаҩс еиҭарҳәон ас еиԥш иҟоу аиҿахысра ишақәымшәацыз", — иҳәеит уи.

Шроматәи ажәылара аан аԥсуа еибашьцәа ирымаз абџьар рхы иадырхеит иахьынӡарылшоз, аха аӷа акыр иҽазыҟаҵаны дыҟан, ахырӷәӷәарҭақәа еиқәыршәаны дтәан. Убри аҟнытә Шроматәи ажәылара ала Аҟәа ахақәиҭтәра залымшеит усҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0