Аԥшатлакә иахҟьаны Вьетнам 27-ҩык ҭахеит

CC0 / / Тайфун
Тайфун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшатлакә иахҟьаны Вьетнам 27-ҩык ҭахеит. Аҭыԥ инацәыхарамкәа Азиа–Аокеанҭынчтә економикатә усеицура (ААЕУ) ахадацәа рсаммит амҩаԥгара азгәаҭоуп.

АҞӘА, абҵара 6 — Sputnik. Аԥшатлаккә иахҟьаны Вьетнам 27-ҩык ҭахеит. Уи ахьыҟалаз 500 километра инацәыхарамкәа ашәахьаҽны иазыԥхьагәаҭоуп Азиа–Аокеанҭынчтә економикатә усеицура (ААЕУ) ахадацәа рсаммит амҩаԥгара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аҭыжьымҭа Hindustan Times адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Уаанӡа иазыԥхьаӡан 11-ҩык ҭахеит ҳәа, 22-ҩык хабарда ибжьаӡит.

Аԥсабаратә рыцҳара ҟалеит ақалақь Ниачанг рацәак иацәыхарамкәа. Аԥшатлакә сааҭк ала аццакыра 90 километр инаӡон. Зқьыла аҩнқәа рхыб хнашәеит, иканажьит афымцамҩангагатә шьаҟақәа, иԥнаҵәҵәеит аҳақәа. 600 рҟынӡа ҩны еиланарбгеит, 40 нызқь аахақәа роуит.

Азиа–Аокеанҭынчтә економикатә усеицура (ААЕУ) ахадацәа рсаммит рхы ааладырхәраны иҟан Владимир Путин, Дональд Трамп, Синдзо Абе, Си Цзиньпин уҳәа егьырҭ атәылақәа рхадацәагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0