Арра-спорттә хәмарра "Аиааира" Аԥсны имҩаԥысит

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа12-тәи арра-спорттә хәмарра "Аиааира" мҩаԥысит Гагра
12-тәи арра-спорттә хәмарра Аиааира мҩаԥысит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арра-спорттә хәмарра "Аиааира" Аԥсны имҩаԥысит. Ахәмарра иалахәын 10-11 аклассқәа рҵаҩцәа.

АҞӘА, абҵара 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 13-тәи ареспубликатә арра-спорттә хәмарра "Аиааира" Аԥсны ишымҩаԥысыз атәы еиҭалҳәоит Аҟәатәи ахәыҷы-қәыԥштә спорттә школ №1 адиректор Татиана Емхааԥҳа.

"Аиндаҭларақәа рхы рыладырхәит акомандақәа ааба. Бжь-командак араионқәа рҟынтәқәа роуп, акы – Аҟәа ақадлақь акомандоуп", — лҳәеит лара.

Аиндаҭларақәа мҩаԥысуан еиуеиԥшым адисциплинақәа рыла.

"Уаанӡатәи ашықәсқәа раантәи ахәмаррақәа реихшьаалақәа рыла имаҷҩым занааҭс аррамаҵзура алызхуа иалагаз. Ирацәаҩуп арра-спорттә хәмарра "Аиааира" иалахәыз рҟынтә арратә ҵараиурҭақәа ирҭалаз", — лҳәеит Емхааԥҳа.

Лара иазгәалҭеит аиндаҭларақәа раан аҳҭнықалақь акоманда шамахамзар еснагь аԥыжәара шамаз, аха аҵыхәәтантәи аҩышықәса урҭ ишраԥыргаз егьырҭ акомандақәа.

Арра –спорттә хәмаррақәа мҩаԥысуан Баӷмаран архәҭа ахьгылоу аҭыԥ аҟны.

Аслан Таркил - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҭаркьыл: 80 ҩык ахәыҷкәа еиднакылеит аспортә хәмарра "Аиааира"

"Аӡбаҩцәас иҳамаз Атәылахьчара аминистрра амаҵзурауаа ракәын. Ҳәарада зегьы ишахәҭоу еиԥш еиҿкаан", — лҳәоит лара.

Аҵара аминистрра акәзар иазнархиеит алахәылацәа рзы аԥхьахәқәа: амедалқәа, ахраҿақәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа.

"Дарбанызаалак алахәыла иҭан ампылқәа. Ахәыҷқәа зегьы агәеизҳара рыманы еимпит", — лҳәеит лара.

Аиндаҭларақәа иара убасгьы имҩаԥысуан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0