Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа рыҟаҵашьа апроцесс

Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны ахы-аҵыхәа ахьынӡанаӡааӡо ҟазара ҳаракыла аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа ҟазҵо аӡә иакәны дыҟоуп Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан инхо Уасил Арухаа.

Уасил Арухаа аԥсуа жәлар ринструментқәа рыҟаҵара далагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анеилга ашьҭахь.

Инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>

"Анапҟазара снапы асыркит аибашьра ашьҭахь. Аиаша шәасҳәап, исцәагои ҳәа салагеит аԥхьа, акырӡа аџьабаа збеит, иара уааҟәымҵӡакәа уаҿызар акаҿы укылнагоит. Оҭар Хәынҵариеи сареи ҳаиҩызцәан, иара иоуп раԥхьа исазҳәаз аинструментқәа рыҟаҵара уаламго ҳәа, аԥхьа мап скит, иара абра дцо даауа дысҟәамҵӡеит. Иахьазы, аԥсуа инструментқәа зегьы ҟасҵоит. Анапҟазара зынӡа сшацәыхароугьы", — ҳәа иҳәоит Уасил Арухаа.

Аибашьра ашьҭахь ааха ӷәӷәа зауз акультура еиҭашьақәыргылатәын, аҵараиурҭақәа ирҭахын амузыкатә инструментқәа. Уасил Арухаа инапы злаикыз уи азы цхыраагӡа дуун.

Уасил Арухаа иажәақәа рыла, раԥхьаӡа иҟаиҵоз аинструментқәа рхаҭабзиара лаҟәын. Акы ҟаиҵацыԥхьаӡа иара Оҭар Хәнҵариа диазҵаауан.

"Исгәалашәоит зегь раԥхьа иҟасҵаз ачамгәыр. Уи санаҿыз убри ааҟара аџьабаа збеит, иаансыжьратә аҟынӡа снанагеит. Аха Оҭар Хәнҵариа иахьа иамузар, уаҵәы иауеит ҳәа саҳәо икасыжьратә иҟаимҵеит. Убас мацара сшаҿыз исықәманшәалахо иалагеит. Зегь реиҳа ихадароу амузыкатә инструмент аҟны абжьы агара ауп, аԥшӡара аасҭа. Ачамгәыр ашьҭахь сара иҟасҵеит аҩымаа, ахымаа, аԥхьарца. Аҿарпын аҟаҵаразы аматериал алԥшааразы акырӡа аџьабаа збеит. Уи даараӡа еиҭашәоуп", — ҳәа ацыиҵеит иара.

Аинструментқәа злыухлак ҟалаӡом, иҳәоит анапҟаза, доусы ирықәнаго аҵла алыухроуп.

"Амаҭәахә ааназго ихароуп сыхьцо, ҽыла сцоит, уахьынтә ирыцқьаны иаазгоит. Иахьа акы уаҵәы аҽакы, абасала иахәҭо сыԥшаауеит. Шьоукы-шьоукы аинструментқәа, сара исыздырӡом излысхуа аматериал, блала издыруеит акәмзар, аҵла избит издыруеит, аха иара абас ак ҟаҵо ҩба ҟаҵо иара аҵиаа аҟынӡа снеит, иахьӡугьы сыздыруам", — ҳәа иҳәоит иара.


© Sputnik / Томас ТхайцукАчамгәыр злырхуа ашәҵлеи алҵлеи ауп.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
1/16
Ачамгәыр злырхуа ашәҵлеи алҵлеи ауп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАчамгәыр арахәыцқәа зҿарҵуа алымҳаҵәқәа.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
2/16
Ачамгәыр арахәыцқәа зҿарҵуа алымҳаҵәқәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукУасил Арухаа аус злаиуа аинструмент.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
3/16
Уасил Арухаа аус злаиуа аинструмент.
© Sputnik / Томас ТхайцукАиструментқәа злыухлак ҟалаӡом, доусы ирықәнаго аҵла алухроуп. Аинструмент аҟны ихадароуп абжьы.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
4/16
Аиструментқәа злыухлак ҟалаӡом, доусы ирықәнаго аҵла алухроуп. Аинструмент аҟны ихадароуп абжьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАчамгәыр злихуа аҵла аус адыуланы, ирҩаны, иҩхханы иҟаиҵоит.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
5/16
Ачамгәыр злихуа аҵла аус адыуланы, ирҩаны, иҩхханы иҟаиҵоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАчамгәыр злихуа аматериал асхема ҭихоит, ашьҭахь иҩиххоит.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
6/16
Ачамгәыр злихуа аматериал асхема ҭихоит, ашьҭахь иҩиххоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукУасил Арухаа иҟаиҵо аинструментқәа зегьы напыла ауп ишыҟаиҵо.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
7/16
Уасил Арухаа иҟаиҵо аинструментқәа зегьы напыла ауп ишыҟаиҵо.
© Sputnik / Томас ТхайцукНас ачамгәыр амгәацәа дынҭаланы ирыцқьоит, ишахәҭоу аус адиуылоит, аҵыхәтәан алымҳаҵәқәеи арахәыцқәеи наҭаны ишәны ачамгәыр урҳәаратәы иҟаиҵоит.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
8/16
Нас ачамгәыр амгәацәа дынҭаланы ирыцқьоит, ишахәҭоу аус адиуылоит, аҵыхәтәан алымҳаҵәқәеи арахәыцқәеи наҭаны ишәны ачамгәыр урҳәаратәы иҟаиҵоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукЖәлар ринструментқәа рыхкқәа зегьы ҟаиҵоит Уасил Арухаа. Иара аамҭа рацәа дадхылоит: аҿарпын, аԥхьарца, аҟьаԥҟьаԥ ҽнак ала иҟаиҵозар, ачамгәыр, аҩымаа, ахымаа мчыбжьык инеиҳаны дадхалоит.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
9/16
Жәлар ринструментқәа рыхкқәа зегьы ҟаиҵоит Уасил Арухаа. Иара аамҭа рацәа дадхылоит: аҿарпын, аԥхьарца, аҟьаԥҟьаԥ ҽнак ала иҟаиҵозар, ачамгәыр, аҩымаа, ахымаа мчыбжьык инеиҳаны дадхалоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнапҟаза Уасил Арухаа игәы иаҭаху аинструмент, зегь реиҳа иҟаиҵандаз ҳәа игәы ззыҳәо, аԥхьарца ауп.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
10/16
Анапҟаза Уасил Арухаа игәы иаҭаху аинструмент, зегь реиҳа иҟаиҵандаз ҳәа игәы ззыҳәо, аԥхьарца ауп.
© Sputnik / Томас ТхайцукУасил Арухаа аус ахьиуа ауада.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
11/16
Уасил Арухаа аус ахьиуа ауада.
© Sputnik / Томас ТхайцукАинструментқәа зегьы злаҟаиҵо амаруга, иара Уасил Арухаа иаб иҟнытә ииҭынхеит.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
12/16
Аинструментқәа зегьы злаҟаиҵо амаруга, иара Уасил Арухаа иаб иҟнытә ииҭынхеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукҨажәа шықәса инреиҳаны амузыкатә инструментқәа аҟаҵара знапы алаку Уасил Арухаа.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
13/16
Ҩажәа шықәса инреиҳаны амузыкатә инструментқәа аҟаҵара знапы алаку Уасил Арухаа.
© Sputnik / Томас ТхайцукҨажәа шықәса ирылагӡаны Уасил Арухаа иҟаиҵахьо амузыкатә инструментқәа иахьа рхы иадырхәоит амузыкатә ҵараиурҭақәа рыҟны.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
14/16
Ҩажәа шықәса ирылагӡаны Уасил Арухаа иҟаиҵахьо амузыкатә инструментқәа иахьа рхы иадырхәоит амузыкатә ҵараиурҭақәа рыҟны.
© Sputnik / Томас ТхайцукУасил Арухаа жәлар рмузыкатә инструментқәа рыҟаҵара дшазҟазоугьы, иара уамак салаҟоуп ҳәа иҳәом.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
15/16
Уасил Арухаа жәлар рмузыкатә инструментқәа рыҟаҵара дшазҟазоугьы, иара уамак салаҟоуп ҳәа иҳәом.
© Sputnik / Томас ТхайцукУасил Арухаа жәлар рмузыкатә инструментқәа рыҟаҵара дшазҟазоугьы, иара уамак салаҟоуп ҳәа иҳәом.
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа раҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
16/16
Уасил Арухаа жәлар рмузыкатә инструментқәа рыҟаҵара дшазҟазоугьы, иара уамак салаҟоуп ҳәа иҳәом.
Ажәабжьқәа зегьы
0