Аблоҭиа: аҟазацәа рзы акинофестиваль "Кунаки" ҳауак иаҩызоуп

© Фото : Томас ТхайцукБрошюра фестиваля "кунаки".
Брошюра фестиваля кунаки. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа, абҵара 15 инаркны 20-нӡа, имҩаԥысран иҟоуп XI иаарту акинои ателехәаԥшреи рфестиваль "Кунаки". Афестиваль аӡбаҩ, Аԥсны Жәлар рартист, акинорежиссиор Виачеслав Аблоҭиа Sputnik арадиостудиаҟны еиҭаиҳәеит аҟазацәа рзы акинофестиваль "Кунаки" ҳауак ишаҩызоу.

Sputnik, Альбина Жьиԥҳа

Акинои ателехәаԥшреи рфестиваль "Кунаки" ԥшьышықәса инеиԥнкыланы Аҟәа имҩаԥысуеит. Уи аӡбаҩцәас иамоуп акинорежиссиорцәа Виачеслав Аблоҭеи, Ада Қәираиеи. Макьана сынтәатәи афестиваль апрограмма еилкаам, аԥсуаа рҟынтә иалахәхогьы ҳаздыруам, иҳәеит Виачеслав Аблоҭиа Sputnik арадиостудиаҟны.

"52 фильм ҳрыхәаԥшыроуп. Шьыжьымҭан инаркны хәлаанӡа, хышм инеиԥныкылан. Урҭ рахьынтә иреиӷьу нас ахәаԥшцәа идырбахоит. Аноминациақәа "Иреиӷьу ателепрограмма", "Иреиӷьу адокументалтә фильм" аҿы аиааира зго далкаатәуп", — иҳәеит Аблоҭиа.

Аӡбаҩцәа акиносахьақәа аналыркаауа ахәаԥшцәа рыблала иахәаԥшуеит иазгәаиҭеит акинорежиссиор.

Инарҭбаан Виачеслав Аблоҭиа иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Асахьаркыра аганахьала афильм бзиазароуп, арежисииор ишьҭыихуа атема аинтерес аҵазароуп", — иҳәеит иара.

Виачеслав Аблоҭиа иажәақәа рыла Аҩада Кавказтәи акинои и ателехәаԥшреи иаарту рфестиваль "Кунаки" иалахәуп Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтә.

"Акинофестивальқәа аҟазацәа аҳауа рнаҭоит, адунеиҿ акино аганахьала иҟоу ахҭысқәа уи ианыԥшуеит. Иреиӷьу актиорцәа иреиӷьу афильмқәа убар алшоит", — азгәаиҭеит "Кунаки" аӡбаҩ.

Аԥсны жәлар рартист иҳәоит Асовет аамҭазы Пицунда "Страна души" ҳәа имҩаԥысуаз аԥсуа кинофестиваль шыҟаз еиԥш аиҿкаара алыршахазҭгьы шаҟа ибзиахоз.

"Пицунда акәзаргьы, идуу кинозалк аартны, аԥсуа фильмқәеи, ҳҿар иҭырхуеи ахәаԥшцәа ирбартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟазҭгьы, ахатә хырхарҭа аманы аԥсуа афестиваль еиҿкаазар, акультуреи абызшәа аҿиаразыи хра злоу усхон", — иҳеит акинорежиссиор Виачеслав Аблоҭиа.

Абҵара 15 инаркны 20-нӡа, Аҟәа, имҩаԥысран иҟоуп акинои ателехәаԥшреи XI иаарту рфестиваль "Кунаки".

Ажәабжьқәа зегьы
0