Хынҭәба: Пиатигорсктәи ахәаԥшыҩцәа ари аиԥш рымбацызт

© Sputnik / Илона ХварцкияСпектакль "Братец Кролик & Братец Лис" в РУСДРАМе
Спектакль Братец Кролик & Братец Лис в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Акультура аминистрра имҩаԥнаго "Агастроль дуқәа" рҳәаа иҭагӡаны Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр Пиатигорск иҟан.

АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. "Сашьа Ажьеи сашьа Абгахәыҷи" иахәаԥшыз Пиатигорск ауааԥсыра аспектакль ашьҭахь РУСДРАМ атруппа иҭабуп ҳәа раҳәо иазгәарҭон ари аҩыза уаанӡа ишырымбацыз. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

Иара иажәақәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа Акультура аминистрра имҩаԥнаго "Агастроль дуқәа" рҳәаа иҭагӡаны иқәыргылаз аспектакль қәҿиара дула имҩаԥысит Пиатигорск.

"Хәыҷи-дуи рыԥсы ӡаны иахәаԥшуан. Аспектакль иахәаԥшхьо ирдыруеит интерактивтә спектакльны ишықәыргыло. Артистцәеи ахәаԥшцәеи еиныруеит. Ахәаԥшцәа рцәаныррақәа рзыҵәахуамызт. Ақәгылара ашьҭахьгьы инеины иҳадныҳәалон. Насыԥ ҳаманы ҳхы аабоит", — иҳәеит атеатр адиректор хада.

Хынҭәба иажәақәа рыла атеатр апрограмма "Агастроль дуқәа" алахәра ԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа азаанагап ҳәа агәыӷра ацуп.

Пресс конференция по случаю открытия нового сезона - Sputnik Аҧсны
РУСДРАМ 37-тәи асезон аанартуеит

Иара игәаанагарала апрограмма Нхыҵ Кавказтәи агастрольқәа рыла алагара зынӡа ибзиоуп.

"Пиатигорск аҭоурых ду змоу қалақьуп. Еицырдыруеит Лермонтов иҭыԥқәа, аҽыхәышәтәырҭа ссирқәа, аминерал ӡқәа. Инхо ауаа аинтеллигентра рылыжж иҟоуп. Уи адагьы Кавказтәи ақалақь ҳара гәыла-ԥсыла иаҳзааигәоуп. Агәахәара ду ҳамоуп ара ҳахьыҟоу азы. Абҵара 9 рзы ахәаԥшыҩцәа идҳарбараны ҳаҟоуп аспектакль "Агәаҭаҩ" ("Ревизор"). Ишырҳәо ала абилеҭқәа зегьы рҭихьеит", — иҳәеит иара.

РУСДРАМ агастрольқәа ирыцҵахоит Елиста ақалақь аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0