АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik. Қырҭтәыла аофициалтә мчрақәа рхымҩаԥгашьа аԥсуа жәлар рҭоурыхтә гәалашәара ақәхра иазырхоу вандализмк аҳасаб ала ҳахәаԥшуеит ҳәа аҳәоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҟны. Абри атәы арбоуп аминистрра аофициалтә саит аҟны.
Британиа Ду иҟоу Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәаҩ Ҭамара Беручашвили лаԥшьгарала Британиа Ду анапхгара ирыгәҭакуп Шотландиатәи ақалақь Килмарнок аҟны иқәыргылоу, 1992-1993шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аԥсуа еибашшьцәа ргәалашәара иазку амемориал ақәгара.
"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асеиԥш иҟоу ақырҭуа напхгара ршьаҿақәа Аԥсни аԥсуа жәлари рганахь ала агрессиатә ҟазшьа змоу ракәны иршьоит" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭоит аԥсуа жәлар рҭоурыхтәи ркультуратәи ҭынха аганахь ала арҭ ашьаҿақәа раԥхьатәиқәа шракәым.
"Ишәгәалаҳаршәоит 1992 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы ақырҭуа ар Аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ринститути Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә архиви рхыбрақәа амца рыжәҵаны ишырыблыз. Амца иалаблит Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рыӡбахә зҳәоз иуникалтәу адокументқәа" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.
Уажәы ақалақь Килмарнок иқәыргылаз аманумент ақәгаразы аҽазышәарагьы иунарбоит Қырҭтәыла анапхгара аԥсуа жәлар адунеи ранырӡаара гәҭакны ишырымаз еиԥш ишаанхаз.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны иалахәу жәларбжьаратәи абжьацәажәаҩцәа рахь аҳәара ҟанаҵоит, Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа аобиективтә хәшьара арҭарц.
1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Шотландиа иҟоу Аҟәа ақалақь-иашьа Килмарнок аҟны ишьаҭаркын апарк, иагьыргылан аибашьраан иҭахаз аԥсуа еибашьцәа рманумент