АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Адунеи аҟны минуҭк аҩныҵҟа жәохәҩык ахәыҷқәа рыԥсҭазаара иалҵуеит агәаҵәкра иахҟьаны, шықәсык аҩныҵҟа – миллионк рҟынӡа ҳәа ҳалҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапиа аҟәша аиҳабы Анжела Арҷелиаԥҳа.
"Зыӡбахә сымоу реиҳарак зекономика шьҭыхоу атәылақәа рҟынтәи ахәыҷқәа роуп. Агәаҵәкра даара ишәарҭоу чмазароуп", — лҳәоит аҳақьым.
Ари ачымазара ахҟьа-ԥҟьақәа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа рахь икылнагоит. Аҳақьым иазгәалҭеит лара лыпрактикаҿгьы аҭыԥ шроухьоу асеиԥш иҟоу ахҭысқәа.
"Ачымазара ахԥатәи амш азы ауаҩы ишьара дзықәымлар, хымԥада аҳақьым иахь днеироуп. XXI ашәышықәса авирусқәа иршәышықәсоуп, аԥсыԥ алага-ҩагара уадаҩзар, аҳауа азымхара ыҟазар – аҳақьым иахь инеитәуп", — лҳәеит лара.
Арҷелиаԥҳа илҳәеит хадара ззылуа аҟәшаҿы рыҽшырхәышәтәуа фҩык ачымазаҩцәа.
Агәаҵәкра аҿагылара амш адунеи аҟны иазгәарҭоит есышықәса, абҵара 12 рзы.