Аекономист: Аԥсны ахатәы економика алагалақәа анаҭалароуп

© Fotolia / Fox17Монеты евро на газете
Монеты евро на газете - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекономикатә наукақәа ркандидат, Аекономиказ иреиҳаӡоу Москватәи ашкол атеориатә економика адепартамент адоцент Даур Зыхәба Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны аекономика апроблемақәеи алшарақәеи шибо атәы.

АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахатәы економика алагалақәа анаҭалароуп ҳәа азиԥхьаӡоит аекономикатә наукақәа ркандидат, Аекономиказ иреиҳаӡоу Москватәи ашкол атеориатә економика адепартамент адоцент Даур Зыхәба.

Олег Барциц - Sputnik Аҧсны
Барцыц: Аԥсны аекономикатә усуреи анапхгаратә принципқәеи аиҭакрақәа рҭахуп

"Ҳәарада проблемак амацара аалхны алацәажәара алшом, асистема комплексла аус ахьауа аҟнытә, аха иҟоуп иаҳхашҭуа акы. Ҳекономика хра аманы аус ауазар, аха иара убри аан акапитал ҳцәыӡуазар, уи аекономика иалаагозар, анаплакра аизырҳара ашьаҭагьы ҳарӡуеит", — иҳәеит иара.

Аиҳарак анаплакҩы ихашәала атәыла аекономика акәӡам излеигало ҳәа азгәеиҭоит иара.

Аекономист игәаанагарала Аԥсны аекономика уажәы аизҳара амҩа иануп убри азы ареспублика аҳәаанырцәтәи атуристцәеи, аџьармыкьақәеи ринтерес аманы иҟазароуп.

"Сгәаанагарала иахьа аԥсуа наплакҩы урыстәылатәи аџьармыкьах хра аманы дцәырҵыр илшоит. Аиҳаракгьы уажәы аҩ-тәылак ртәылауаҩра шьақәзырӷәӷәо атәылауаҩшәҟәқәа рымоуп, иҟарҵогьы азакәаншьаҭа аманы иҟалоит. Иҟалоит уаҟа анаплакы ашьаҭаркра, ацнаплак аԥҵара мамзаргьы абизнес амҩаԥгаразы аҽа мҩакы аԥшаара. Ҳәарада, асеиԥш аусқәа иааинырсланы иҟауҵо ракәым, аха атәылазы аԥара арҳара афакт узыхцәажәо акәхом", — иҳәеит иара.

Аекономист игәаанагарала Аԥсназы аԥеиԥш аманы дахәаԥшуеит аинновациақәа русхк. Зыхәба ишиҳәо ала урҭ афеида ҟарҵоит.

"Иџьашьатәу акгьы аҟаҵара аҭахӡам. Зны-зынла аинновациақәа мариаӡоушәа иубоит, аха убри аан аԥара ааргоит, ҳаԥсҭазаарагьы еиҳа идырмариоит", — иҳәеит Зыхәба.

Зыхәба агәра ганы дыҟоуп Аԥсны аԥеиԥш бзиа шамоу ахатәы економика арҿиараҿы, аимадара ӷәӷәақәа раԥҵараҿы. Абри аҟны аԥыжәара рыманы дрыхәаԥшуеит ааглыхра, аҭҵаарадырра, ақыҭанхамҩа, атуризм.

Даур Зыхәба – Аҟәа диит. Далгеит Шевченко ихьӡ зху Киевтәи аҳәынҭқарратә университет. Аҭҵаарадырратә усумҭақәеи акьыԥхьымҭақәеи акыр дравторуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0