Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра иалацәажәараны иҟоуп

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПовседневная жизнь
Повседневная жизнь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа хаз игоу рыхәҭак хәшәыла реиқәыршәаразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра иалацәажәараны иҟоуп Урыстәыла аиҳабыра рҟны.

АҞӘА, абҵара 16— Sputnik. Аԥшьаша, абҵара 16 рзы иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа хаз игоу рыхәҭак хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәаразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра иалацәажәараны иҟоуп Урыстәыла аиҳабыра рҟны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп 2017 шықәса рашәарамза 22 рзы. Аиқәшаҳаҭра азырхоуп иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа хаз игоу рыхәҭак арецептқәа рыла зыда ԥсыхәа рымам хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәара", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Азакәан апроект иахәаԥшит, ибзиоуп ҳәагьы ахырҳәааит абҵара 7 рзы Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра азакәанԥҵаратә усуразы акомиссиаҿы.

Уаанӡа, иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа хаз игоу рыхәҭак хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәаразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҿы иаздырхиахьан альготақәа зҭатәу рсиеи ихымԥадатәиу ахәшәқәа рреестри.

Ажәабжьқәа зегьы
0