Денис Гәылариа Аԥсны Атәанчахәытә фонд аиҳабыс дҟаҵоуп

© Foto / SputnikДенис Гулария
Денис Гулария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Денис Гәылариа Аԥсны Атәанчахәытә фонд аиҳабыс дҟаҵоуп. Абри аҭыԥ аҟны иара диԥсахит Руслан Аџьба.

АҞӘА, абҵара 15– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абҵара 15 рзы, Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз Ақәҵара инақәыршәаны Денис Гәылариа Аԥсны Атәанчахәытә фонд аиҳабыс дҟаҵоуп. Абри аҭыԥ аҟны иара диԥсахит 2015 шықәса раахыс аус зуаз Руслан Аџьба.

Аԥыза-министр Беслан Барцыц иазгәеиҭеит Денис Гәылариа Аԥсны Атәанчахәытә фонд аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс иҟазаараан ихы бзианы иааирԥшит ҳәа.

Денис Гәылариа Аԥсны Атәанчахәытә фонд аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс аус иуан 2012 шықәса раахыс.

Гәылариа Денис Тони-иԥа диит 1980 шықәса, цәыббра 3 рзы Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан. 1998 шықәса рзы далгеит Аҷандаратәи абжьаратә школ.

1999 — 2006 шықәсқәа Ареспублика Башкортостан Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа жәпакы рҟны аус иуан.

2003 шықәса рзы далгеит Уфатәи азиндырратә институт (Аекономикатә цәгьоурақәа раԥырҟәҟәааразы азанааҭ ала).

Дҭаацәароуп. Димоуп аԥа.

Ажәабжьқәа зегьы
0