АҞӘА, абҵара, 16 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Самара ақалақь аҿы Жәларбжьаратәи атурнир амҩаҧгара еиҿкаан абҵара 8 инаркны абҵара 12 рҟынӡа. Ерика Кәарҷиаԥҳа атурнир хаҭала-командалатәи азшьаҿы актәи аҭыҧқәа аанылкылеит. Абри атәы ҳкорреспондент илзаалыцҳаит аспортсменка лхаҭа.
Атурнир Ҟазахсҭан, Молдавиа, Урыстәыла, Белоруссиа, Азербаиџьан рҟынтәи 100-ҩык инарзынаҧшуа аспортсменцәа рхы аладырхәит.
"Аиааира агара акыр иуадаҩын. Афинал аҟны исындаҭлоз аӡӷаб еснагь аԥыжәара сцәылгон, уажәы сара саиааит. Сара сзы аиндаҭлара акыр аҵакы аманы иҟан", — лҳәеит Ерика.
Ерика Кәарҷиаԥҳа Самара ақалақь акоманда аилазаараҿы дықәгылеит.
Лара еиҭалҳәеит ҩы-шықәса раԥхьа Аҟәа даны дшыҟаз акоманда азыҟаҵаҩ. Уи Ерика лыхәмаршьа игәаԥхеит, Самараҟа днеиԥхьеит.
"Ҩы-шықәса ҵуеит ара сыҟоижьҭеи. Аԥхьаҵәҟьа исцәыуадаҩын. Мышкы аҩныҵҟа ҩынтә аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан. Уажәшьҭа сашьцылеит, исзымариоуп", — лҳәеит лара.
Лассы Ерика далахәхараны дыҟоуп Москва Ахраҿазы аиндаҭлара. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥылгоит.
Аспортсменка раҧхьатәи лазыҟаҵаҩ ишазгәеиҭаз ала, иахьатәи амш азы Ерика Аҧсны астолтә ҧкьаҭмпыл аганахьала зегьы реиҳа згәыҕрақәа здырҳәало лоуп.