Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәаа аркхоит

© AFP 2023 / MIKHAIL MORDASOVЮжная Осетия. Архивное фото.
Южная Осетия. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәаа аркхоит абҵара 22-24 рзы, афырхаҵареи жәлар ракзаареи Рымшныҳәа аҽны.

АҞӘА, абҵара 21 — Sputnik.  Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәынҭқарратә ҳәаа аркхоит абҵара 22-24 рзы, афырхаҵареи жәлар ракзаареи Рымшныҳәа аҽны. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

"Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәынҭқарратә ҳәаа аркхоит абҵара 22-24 рзы, афырхаҵареи жәлар ракзаареи Рымшныҳәа аҽны. Асеиԥш ауснагӡатә мҩаԥгахоит есышықәса абҵара 23 рзы иазгәарҭо арыцхә аан ашәарҭадара аиҿкааразы", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Амаҵзура ишааныцҳауа ала аҳәаа ахысра аанкылахоит абҵара 22, ашьыжь инаркны абҵара 24 ахәылбыҽханӡа.

Афырхаҵареи жәлар ракзаареи рымш Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәарҭоит ныҳәак аҳасаб ала абҵара 23 рзы. Амш ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.

Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәанаҭоит ахьыԥшымра 25-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәанаҭоит ахьыԥшымра 25-шықәса ахыҵра

1980-шықәса анҵәамҭазы ақырҭуа милаҭтә ҵысра азырхан СССР алҵреи аидгылатә центр аҟынтәи ахьыԥшымреи. Имҩаԥыргоз ауснагӡатәқәа ақырҭцәеи аетникатә милаҭ маҷқәеи рыбжьара аибарххарақәа цәырыргеит, аиҳаракгьы аԥсуааи ақырҭцәеи, ауаԥсцәеи ақырҭцәеи рыбжьара.

1989 шықәса абҵара жәаба рзы Аахыҵ-Уаԥстәылатәи автономтә област жәлар рдепутатцәа Рхеилак XII асессиаҟны ирыдыркылеит аӡбра аобласт автономтә республика ҳәа ахьӡ еиҭакзарц, иара убри аан Қырҭтәылатәи ССР ишалоу иаанхо.

Қырҭтәылатәи ССР Иреиҳаӡоу ахеилак апрезидиум ари аӡбра аконституциа иаҿагылоит ҳәа азырҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0