Дмитри Хворостовски иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКонцерт "Дмитрий Хворостовский и друзья". Архивное фото
Концерт Дмитрий Хворостовский и друзья. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла жәлар рартист Дмитри Хворостовски иԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, абҵара 22 — Sputnik. Урыстәыла жәлар рартист, аоператә шәаҳәаҩы, 56-шықәса ирҭагылаз Дмитри Хворостовски иԥсҭазаара далҵит Лондон ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит ашәаҳәаҩ Дмитри Маликов.

"Сара аинформациа сылҭеит Дмитри иҩыза гәакьа, апоетесса Лилиа Винаградова. Лара исзылҩит Дмитри лондонтәи аамҭала асааҭ 3.36 рзы иԥсҭазаара ҿахҵәеит ҳәа", — иҳәоит Маликов.

Хворостовски акыршықәса ачымазара бааԥсы ицәа иалан. 2015 шықәса рзы иара аҳәамҭа ҟаиҵеит ихшыбаҩ ачыра амоуп ҳәа. Артист аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Лондон дынхон.

1989 шықәса рзы Би-би-си ателехәаԥшратә конкурс, Кардифф (Великобританиа) ақалақь аҟны имҩаԥысуаз, "Адунеи ашәаҳәаҩ" аҿы "Иреиӷьу абжьы" ҳәа иигаз аиааира ашьаҭхь адунеи аҿы деицырдыруа дҟалеит. Ниццатәи (Франциа) Nice Opera аҟны Петр Чаиковски иопера "Пиковая Дама" аҟны иқәгылара ашьаҭхь Дмитри Хворостовски днарыԥхьо иалагеит адунеи иреиӷьу атеатрқәа, афестивальқәа рахь.

Урҭ иреиуан: атеатр Ковент-Гарден (Лондон, Великобританиа), Метрополитен-опера (Ниу-Иорк, (США), Парижтәи аопера (Франциа), Бавариатәи аҳәынҭқарратә опера (Миунхен, Германиа), Ла Скала (Милан, Италиа), Венатәи аҳәынҭқарратә опера (Австриа), Зальцбургтәи афестиваль (Австриа).

Ажәабжьқәа зегьы
0