Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба: хҭысуп, ҳҭоурых зныԥшуа афильм "Ахьтәы уарба" агаразы ахьыӡ ахьҳәоу

© Sputnik / Томас ТхайцукКясоу Хагба
Кясоу Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳҭоурых, иаҳхаагаз агәаҟра, зныԥшуа афильм Урыстәыла акино азы "Ахьтәы уарба 2017" апҳьахә агаразы ахьӡ ахьҳәоу ҭоурыхтә хҭысуп, иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны афильм "Владислав Арӡынба. Драма Победителя" апродиусер Кьасоу Ҳагба.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Кьасоу Ҳагба Аԥсны раԥхьатәи ахада изку афильм "Ахьтәы уарба 2017" аԥхьахә агаразы ахьӡ ахьҳәоу иазкны

"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла аҭыхыз афильмқәа рахьынтә, аԥхьахә агаразы иалԥшааз иреиӷьу 30 рҟынтә, Аԥсны раԥхьатәи ахада изку адокументалтә фильм ахьақәшәаз, ҳара ҳзы акыр зҵазкуа хҭысуп", — иҳәеит Кьасоу Ҳагба.
Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0